https://sputnik-abkhazia.info/20230322/zakharova-nato-atylaa-irkhykyou-ukraina-aarkharoup-1044778795.html
Захарова: НАТО атәылақәа ирхықәкыҵәҟьоу Украина аҭархароуп
Захарова: НАТО атәылақәа ирхықәкыҵәҟьоу Украина аҭархароуп
Sputnik Аҧсны
Уаанӡа Британиа Ду аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина атанкқәа Challenger реиԥш ауран маҷ злоу ахгәыцәқәагьы шаанашьҭуа. Ари аҩыза абџьар Арратә операциа ҷыда ахьцо... 22.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-22T10:21+0300
2023-03-22T10:21+0300
2023-03-22T10:31+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/14/1036419924_0:188:2971:1859_1920x0_80_0_0_0c7ba4f354cc48e17e8635b17f57be19.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. НАТО атәылақәа ирхықәкыҵәҟьоу Украина аҭархароуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Лондон агәҭакқәа ахҳәаа рыҭо. Британиа апровокациа ҿыц азырхоуп Украина акәша-мыкәша аҭагылазаашьа иҵегьы арӷыӷкра, аимаки аиҿагылареи амца рыҵаҵара ҳәа илшьоит Захарова. "Ари англосаксцәа, раԥхьа иргыланы Лондони Вашингтони, жәларбжьаратәи аусқәа рҿы имҩаԥырго ахшыҩдара, аҭакԥхықәрадара, аҭакмоура ирызҵаароуп", - лҳәеит лара. Лара азхьаԥшра алҭеит асеиԥш ахымҩаԥгашьа аҭыԥ шамаз Москва Урыстәылеи Китаии реиԥылара анцоз аамҭазы. Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак лажәақәа рыла, Британиа атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Аннабель Голди илҳәо адунеи ахькылнаго лыздырӡом. "Агәра ганы сыҟоуп ари аҳәамҭа ҟазҵаз аԥҳәыс илҳәо иаанагаҵәҟьо шылзеилымкаауа. Ари аҩыза абџьар иззырхои урҭ ԥхьаҟатәи рабиԥарақәа реиԥш, ааха рнаҭоит зхы иазырхәази урҭ ԥхьаҟатәи рабиԥарақәеи", - лҳәеит Захарова. Ауран змоу ахгәыцәқәа – геноцидуп иаанаго ҳәа лҳәеит лара. Ари аҩыза абџьар Арратә операциа ҷыда ахьцо аҵакыраҿы аҿкыра аланарҵәар, акьыбачымазара цәырнагар алшоит. Мраҭашәара дара рхы иадырхәахьан Иугославиеи Ираки. Раԥхьаӡа атанк азы уранла ирҭәу ахгәыцәқәа ахы ианархәеит анацист Германиа. Захарова лажәақәа рыла, Иугославиа абомбақәа ралажьра ашьҭахь карцин рыхьны рыԥсҭазаара иалҵит 22 000-ҩык.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/14/1036419924_120:0:2851:2048_1920x0_80_0_0_1f926f5a4e2f7f145ac9fe9302940b1f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Захарова: НАТО атәылақәа ирхықәкыҵәҟьоу Украина аҭархароуп
10:21 22.03.2023 (ирҿыцуп: 10:31 22.03.2023) Уаанӡа Британиа Ду аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина атанкқәа Challenger реиԥш ауран маҷ злоу ахгәыцәқәагьы шаанашьҭуа. Ари аҩыза абџьар Арратә операциа ҷыда ахьцо аҵакыраҿы аҿкыра аланарҵәар, акьыбачымазара цәырнагар алшоит.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. НАТО атәылақәа ирхықәкыҵәҟьоу Украина аҭархароуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Лондон агәҭакқәа ахҳәаа рыҭо.
"ЕААи Британиеи зхадараҿы иҟоу НАТО атәылақәа аҭынчреи Украина уаҵәтәи амши ҳрызхәыцуеит ҳәа ирҳәо мцуп, адунеитә уаажәларра ржьагоуп. Ииашаҵәҟьаны хықәкыс ирымоу даҽакуп", - лҳәеит лара, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
Британиа апровокациа ҿыц азырхоуп Украина акәша-мыкәша аҭагылазаашьа иҵегьы арӷыӷкра, аимаки аиҿагылареи амца рыҵаҵара ҳәа илшьоит Захарова.
"Ари англосаксцәа, раԥхьа иргыланы Лондони Вашингтони, жәларбжьаратәи аусқәа рҿы имҩаԥырго ахшыҩдара, аҭакԥхықәрадара, аҭакмоура ирызҵаароуп", - лҳәеит лара.
Лара азхьаԥшра алҭеит асеиԥш ахымҩаԥгашьа аҭыԥ шамаз Москва Урыстәылеи Китаии реиԥылара анцоз аамҭазы.
Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак лажәақәа рыла, Британиа атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Аннабель Голди илҳәо адунеи ахькылнаго лыздырӡом.
"Агәра ганы сыҟоуп ари аҳәамҭа ҟазҵаз аԥҳәыс илҳәо иаанагаҵәҟьо шылзеилымкаауа. Ари аҩыза абџьар иззырхои урҭ ԥхьаҟатәи рабиԥарақәа реиԥш, ааха рнаҭоит зхы иазырхәази урҭ ԥхьаҟатәи рабиԥарақәеи", - лҳәеит Захарова.
Ауран змоу ахгәыцәқәа – геноцидуп иаанаго ҳәа лҳәеит лара.
"Иаартны иуҳәозар, ари иаанаго агеноцид амҩаԥгароуп, убри аан иззырхоу рзеиԥш зхы иазырхәо рызгьы. Ажәакала, ари аҵакыраҿы инхо зегьы рзы. Ари зныктәи проблемаӡам", - лҳәеит Захарова.
Ари аҩыза абџьар Арратә операциа ҷыда ахьцо аҵакыраҿы аҿкыра аланарҵәар, акьыбачымазара цәырнагар алшоит. Мраҭашәара дара рхы иадырхәахьан Иугославиеи Ираки. Раԥхьаӡа атанк азы уранла ирҭәу ахгәыцәқәа ахы ианархәеит анацист Германиа.
Захарова лажәақәа рыла, Иугославиа абомбақәа ралажьра ашьҭахь карцин рыхьны рыԥсҭазаара иалҵит 22 000-ҩык.