Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи рырбџьармчқәа аицҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© Foto / Пресс-служба Министерства обороны АбхазииНачались совместные учения Вооруженных сил Абхазии и России
Начались совместные учения Вооруженных сил Абхазии и России - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2023
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкуп аусдҵақәа рынагӡараан ар рхымҩаԥгашьа аишьаршәалара.
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рырбџьар мчқәа атактикатә еицҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Аҽазыҟаҵарақәа аҽыхьчаратә ҟазшьа рымоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкаара иазырхоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа аамҭак иақәыршәаны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы имҩаԥыргоит. Дара ирылахәуп арезерв аҿы иҟоугьы.
"Аиҳарак азхьаԥшра аҭоуп ар разыҟаҵара апрактика, ҳаамҭазтәи аибашьра аԥышәа, аиҿагыларақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥши рыҿиареи азхьаԥшра рыҭара", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҟны.
Аррамаҵурауаа рнапы иану аусқәа нарыгӡоит аԥырҩы дызҭам аԥшыхәратәии ажәыларатәии хархәагақәа, арадиоелектронтә хьчара ахархәагақәа рхархәарала. Раԥхьаӡа акәны аҽазыҟаҵарақәа рҟны игәаҭоуп ар рнапхгаразы аинформациа-телекоммуникациатә система.
Ажәабжьқәа зегьы
0