Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гындиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҳәынҭстандарт имҩаԥнагаз ахәыҷбаҳчақәа ргәаҭарақәа рлыҵшәа атәы

Гындиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҳәынҭстандарт имҩаԥнагаз ахәыҷбаҳчақәа ргәаҭарақәа рлыҵшәа атәы
Анапаҵаҩра
Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаҧшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы атәыла ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рыкрыфарҭақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа иалыркаауа агхақәеи, уи анаҩс хылаԥшра шазыруа атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаҧшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ауаажәларра рымадаразы аҟәша аспециалист Мадина Гындиаԥҳа.
Аҳәынҭстандарт мызкы иалагӡаны аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа 12 рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргеит аҭаацәара иҟарҵаз ашшрақәа инарымаданы ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Гындиаԥҳа.
"Мызкы иалагӡаны имҩаԥнагеит ахәыҷбаҳчақәа ргәаҭара. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ашколқәагьы ргәаҭара. Даара ирацәоуп ашшрақәа иҳамоу ахәыҷбаҳчақәа русура аганахьала, убри алагьы иазыӡбан урҭ ргәаҭарақәа. Аҳәынҭқарра иаҵанакуа роуп макьана згәаҭара мҩаԥысуа, аха хаҭалатәиқәагьы рахь ҳнеиуеит. Ашықәс иалагӡаны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ас еиԥш агәаҭарақәа мҩаԥгахоит. Еиҳарак ашшрақәа ахәыҷқәа рыфатә иадҳәалоуп, аалыҵқәа рхаҭабзиара, иара убасгьы ахәыҷы ифатә иалаӡам иахәҭоу авитаминқәа", - ҳәа еиҭалҳәеит аспециалист.
Мадина Гындиаԥҳа агәаҭарақәа рхаҭақәа шымҩаԥысуа атәы, уи иалахәу, насгьы агхақәа шалыркаауа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0