Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Какәбаа ашьхымза цәа Аԥсны аҟаҵаразы: ашьхыцқәа рзы ишшәарҭам ҳдыруеит

Какәыбаа ашьхымзацәа Аԥсны аҟаҵаразы: ашьхыцқәа рзы ишшәарҭам ҳдыруеит
Анапаҵаҩра
Гәыԥ ақыҭан иаартхеит ашьхымза цәа ахьыҟарҵо ацех. Уи алыршахеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала. Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәбаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, апроект аус аурцаз иадбалаз аџьабаа атәы, насгьы избан уи хра аманы изибо атәы.
Гәыԥаа ҩыџьа рхы еидкыланы ирыӡбеит ашьхымзацәа аҟаҵаразы амаруга аахәара ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала. Абизнес план иҩны иалаҵан, апроект иартәеит 1 500 000 нызықь мааҭ. Амаруга раԥхьа иԥшаан Украина, аха аибашьра иахҟьаны уи аагара залмаршахеит. Анаҩс Саратов иԥшаан. Иахьа ацех аус аурцаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы еицхыраана иҟаҵоу усуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Какәбаа.
"Ацәа рҭәаны Урыстәылантәи акәын ишааргоз. Ахаҭабзиара зеиԥшроу рыздыруамызт. Ашьхыцқәа рыԥсра иара убри ашьхымза цәа иадызҳәалозгьы иҟан. Уажәшьҭа ацех шьақәыргылоуп. 200 кьыла ацәа арҭәоит уахыки ҽнаки рыла. 150 аԥхарра аанашьҭуеит, ацәа ачымазара ҳәа кыр алазар иашьуеит, ашьхыцқәа рзы ишәарҭахом. Иахьа Очамчыра араион мацара 188-ҩык рҟынӡа ашьха рааӡоит. Аԥсны рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳауп. Урҭ рус аҿы иманшәалахоит ацәа аҭыԥан ироулар ҳәа агәаанагара ҳамоуп зегьы", - еиҭеиҳәеит Какәбаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0