Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатәи аҳәынҭқарратәи абиуџьет анагӡара шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Заседание в Кабмине
Заседание в  Кабмине - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәала иартәеит 10 миллиардки 654 миллион мааҭ, ахарџьтә хәҭа – 10 миллиардки 438 миллион мааҭ.
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба 2022 шықәсазтәи ареспубликатәи аҳәынҭқарратәи абиуџьет шынагӡоу азы Аԥсны аиҳабыра рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵеит.
Иара иажәақәа рыла ҩышықәсоуп аҳәынҭқарратә биуџьет апрофицит аиуеижьҭеи. 2022 шықәсазтәи апрофицит 398,6 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи адагьы 2022 шықәсазы раԥхьаӡа акәны абиуџьет 110% рыла инагӡоуп - 8 миллиард мааҭ.
2022 шықәсазы абиуџьет иаланагалеит иазгәаҭаз аасҭа 1,2 миллиард мааҭ.
"Арҭ рҩызцәа арбагақәа ҟалеит аекономикатә ҭагылазаашьақәа ахатә лагалақәа анырра бзиа анрырҭоз аамҭазы", - ҳәа иҳәеит Делба.
Ареспубликатә биуџьет апрофицит Делба ишиҳәо ала 2022 шықәсазы 215,9 миллион мааҭ ҟалеит. Ареспубликатә биуџьет ахашәала 10 миллиардки 600 миллион мааҭ ҟалеит, ари 889 миллион мааҭ рыла иеиҳахеит иазԥхьагәаҭаз аасҭа, ахатәы хашәалақәа – 4,9 миллиард мааҭ ҟалеит. Ахатәы хашәалақәа ирхыҵхырҭоуп - Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра - 53,4% , Аҳазалхратә еилакы – 37,7%, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра -1,7%.
Делба иҳәеит, 2022 шықәсазы аҳәынҭбиуџьет ахарџьқәа 10,4 миллиардк ма 94,9% шыҟоу, 2021 шықәса иаҿырԥшны - миллиардки 400 миллион мааҭ шыҟоу. Ахарџьқәа реиҳахара аҳәынҭхархәаразы ихымԥадатәиу атауарқәа рыхәшәара иадҳәалоуп.
2022 шықәсазы Аԥсны инагӡан 12 хықәкытә программеи 9 программаки - миллиардки 100 миллион мааҭ рыхә.
Агәабзиарахьчара иазоужьын миллиард мааҭ. Урҭ рҟынтәи 64-ҩык астудентцәа рҵаразы – 12 миллион мааҭ, 368-ҩык рыхәшәтәра аԥара ахшәааразы - 102,6 миллион мааҭ, 108 миллион мааҭ рыхә иаахәан ахәшәқәеи ахархәагақәеи.
Заседание в  Кабмине - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит абиуџьет иалам афондқәа рыҳасабырбақәа
Аҵара аусхк иазоужьын 488,5 миллион мааҭ; акультура - 318,5 миллион мааҭ. Афинансқәа рминистр иҳәеит 2022 шықәсазы 52 уснагӡатә шынагӡоу. Атеатрқәа рҿы иқәыргылан 56 спектакль, имҩаԥган 325 рбара.
Абаҩырҵәыреи аспорти аҿар рполитикеи 2022 шықәсазы ирықәхарџьын 70,8 миллион мааҭ, миҩаԥган 125 уснагӡатә.
Асоциалтә политика иазоужьын – 238,5 миллион мааҭ, 13 категориа асоциалтә цхыраара зауаз ирыҭан 198,5 миллион мааҭ, 40 миллион мааҭ азоужьын апрограмма "Анхарҭа 2020-2022".
Ақыҭанхамҩа 2022 шықәсазы 99,8 миллион мааҭ азоужьын, анаплак маҷқәеи анаплак бжьаратәқәеи ирзоужьын 50 миллион мааҭ, инагӡан 47 проект.
Иара убасгьы 2022 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аенергетика аусхк иазоужьын 175 миллион мааҭ, "Аԥснымҩа" - 20 миллион мааҭ, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа – 138 миллион мааҭ, атәылахьчара – 564,8 миллион мааҭ, ашәарҭадареи азинхьчареи – миллиардки 800 миллион мааҭ, АИХқәа рзы– 78 миллион мааҭ.
Атәыла ахадеи Аминистрцәа реилазаареи ррезервтә фондқәа рҟынтәи ахарџьқәа 2022 шықәсазы идыртәеит 608,8 миллион мааҭ. Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирхырҟьаны аԥхасҭа зоуз ирызшәан 166,5 миллион мааҭ, 128,7 миллион мааҭ рызшәан арҽеиратә усурақәа рыҟаҵаразы.
Зҭагылазаашьа уадаҩу ауааԥсыра цхыраагӡак аҳасаб ала ирыҭан 223 миллион мааҭ, ареспублика араионқәа рыцхыраара иазоушьҭын 159 миллион мааҭ.
Ремонт объектов за счет бюджета обсудили в Кабмине - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаараҿ абиуџьет ахарџь ала еиҭашьақәдыргылаз аргыларақәа ирылацәажәеит
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ацхыраара рыҭан Аҟәа ақалақьи араионқәеи, абиуџьет иалам фондқәа–миллиардки 600 миллион мааҭ. Делба иажәақәа рыла абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхра иазоужьын миллиардки 200 миллион мааҭ.
2022 шықәсазы ашәҟәқәеи арҵагашәҟәқәеи рҭыжьра иазырхан 29,3 миллион мааҭ. Иҭыжьын 49 шәҟәы, атираж – 48 000 екземплиар.
2022 шықәсазы Урыстәыла ацхыраара иартәеит 5,7 миллиард мааҭ. Делба иҳәеит аинвестициатә программа шынагӡаз миллиардки 700 миллион мааҭ рыла. Ари аусхк аҟны имҩаԥган 24 уснагӡатә.
Владимир Делба инаҵшьны иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы ареспубликатәии аҳәынҭқарратәии абиуџьетқәа рынагӡара ишаанарԥшыз ахашәалақәа реидкылара, урҭ хра рыманы рхархәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0