Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәба Аԥсны амчратә усбарҭақәа рҽазыҟаҵарақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәба Аԥсны амчратә усбарҭақәа рҽазыҟаҵарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура. Адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҟны урҭ рҵакы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны Ар аинрал-маиор ԥхьатәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Вахтанг Цыгәба.
Вахтанг Цыгәба 10 шықәса раахыс ԥхьатәара дыҟоуп, убри аан атәыла ар аҭагылазаашьа бзианы идыруеит, иара иажәақәа рыла иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп иӷәӷәаны аҽазыҟаҵара.
"Адунеи аҿы ишьақәгылеит даара ишәарҭоу аҭагылазаашьа. Аибашьра иаланагалаз аҳәынҭқаррақәа рацәахеит, аибашьра амҽхак дуӡӡахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба.
Вахтанг Закан-иԥа еиҭеиҳәеит 1985 шықәса рзы дызлахәыз арратә семинарқәа рҿы иаҳаз алекциаҿы НАТО адунеи амчра зегьы амҽхакразы ауснагӡа ишазааҭгылаз, уи моу иалацәажәон СССР ахыбгалара азҵааарагьы. НАТО, Америкагьы уахь иналаҵаны шьаҿа-шьаҿала рыгәҭакқәа рынагӡара иаҿуп ҳәа иҳәеит аруаҩ.
Аинрал-маиор ԥхьатәа еиҭеиҳәеит, 2008 шықәсазы Кыдрытәи аҩхаа аҭарцәара алмыршахазҭгьы аурыс ир алархәны, ҳусқәа шыцәгьахоз, убысҟак урҭ рҽырӷәӷәаны иҟан. Цыгәба иҳәеит, аибшьара ианалагоз Аԥсны акадрқәа рыла еиқәшәамызҭгьы, иахьа ишыҟоу аруаа, ҳнапы шьҭыхны ҳарԥылаӡом, аха ҳазламаҷу ала акадрқәа ҩба-хԥа занааҭ шьҭыркаауазароуп. Иахьа ҳмыцәакәа аҽеибыҭара аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0