Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрба Гагра ахәҭак аӡы ахьыҟам азы: афымцамчхара амаҷра иахҟьаны агәаҟра ҳамоуп

Агрба Гагра ахәҭак аӡы ахьыҟам азы: афымцамчхара амаҷра иахҟьаны агәаҟра ҳамоуп
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь азбжара 12 мшы аӡы рымам ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гагратәи аӡымҩангага аиҳабы Фома Агрба.
"Иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылантәи афымцамч анҳауаз аамҭазы, ҳҷыгәӡа ҳаауан, Егрытәи афымцастанциаҟынтәи алашара анҳзоурыжь ауха асааҭ 11 рзы аӡыҭгагатә станциа "Репруа-2" афымцатә кабель ҭҟәацит. Ауха асааҭ 12 рзы ҳгыланы ҳцеит, ҳахьнеиз алфа фначны узыҩналомызт. Ашьыжь иҳамаз акабель аҭаҵәах ала иҳаԥсахит, аха ауха аӡхагалага тҟәацит. Уи ҳшаҿыз 12 мшы ҵит. Аӡхагалага ҿыц ҿаҵаны амотор аус аҳаруеит ҳәа ҳаналага, уигьы ҭҟәацит цас ауазшәа. Абри алашара Егрынтәи иаауа ф-нызқь киловольт иҟоу ацәаҳәа, ф-нызқь ҳауӡом Гагра", - иҳәеит Агрба.
Иԥхасҭахаз аӡыҭгагеи амотори рхаҭыԥан Урыстәыла аҿыцқәа ҿарҵеит, урҭ раахәараз Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иоужьын миллионки 350 нызқь мааҭ, иҳәеит Агрба.
Хәажәкыра 29 рзы амотор ҿыц Краснодарынтә иааганы иқәдыргылеит. Астанциа "Репруа-2" аусура иаларган,аха ауха ҩаԥхьа акабель ҭҟәацит , иҳәеит Агрба. Иара иазгәеиҭеит афымцалашара амчхара ахьмаҷу иахҟьаны ауадаҩра дуқәа шрымоу.
Агрба убасгьы дазааҭгылеит Гагра араион Ԥсахара ақыҭа инхо аӡы азы ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0