Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ааба

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа мотострелковых подразделений в зоне СВО
Боевая работа мотострелковых подразделений в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2023
Анапаҵаҩра
Российские войска продолжают выполнять задачи в рамках целей военной спецоперации на Украине.
АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ЛЖәР, ДЖәР, Харьковтәи аобласт, Запорожие рҿы иҭадырхеит украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ааба. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Ф-гәыԥк ҭархан Купиансктәи ахырхарҭаҿы, иара убас акәылӡмашьынақәа хԥа, ҩ-автомашьынак, иара убас агаубица Д-30.
Даҽа ҩ-гәыԥк ҭархан Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭаҿы. Иара убас ари ахырхарҭаҿы Урыстәыла авиациеи артиллериеи иҭадырхеит акәылӡы автомашьынақәа хԥа, х-пикапк, агаубицақәа Д-30, Д-20, ЕАА иртәу аконтрбатареиатә жәылара иазку арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - автомашьынақәа быжьба, ахаланыҟәа гаубица "Акациа".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 100-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, ажәыларатәи арратәи авиациақәа, артиллериа, ахымца џьбара рымч еидҵаны иҭадырхеит аӷа ихырӷәӷәарҭақәа Иамполовка, Григоровка - ДЖәР, Макеевка, Червонаиа Диброва - ЛЖәР рҿы.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп аҭырқәаҟаҵара БТР Kirpi х-цырак, акәылӡтранспартиорқәа хԥа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубица "Мста-Б".
Авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иҭадырхеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 92, аруааи атехникеи 103 раион рҿы, УАМ ЛЖәР аҿы ирымаз артиллериатә џьаԥҳаны ашьҭаҵарҭақәа адҵаҟаҵарҭеи 58-тәи амотошьаҟатә бриагада аимадара аҭыԥ Красныи Лиман иахьаҵанакуа. ⠀
Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 11.
Ажәабжьқәа зегьы
0