Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟазауаҩ Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭа алшарақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион Алаҳаӡы иҟоу агәамкаԥсарҭатә ҭыԥ аҿа хышықәса рҟынӡа ахархәараз алшара амоуп ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз АУН "Спецавтохозяйство" адиректор Ҭемыр Бигәаа.
"Аҵыхәтәантәи акурорт аамҭақәа рымҩаԥысшьа инадҳәаланы аҽа хышықәса рҟынӡа ахархәара аҳҭалар алшоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Бигәаа иажәақәа рыла 5-7 шықәса раԥхьа атехника арахь ианааилак алада иҭаланы агәамсам карԥсозызҭгьы, уажәы аҩада икыдлоит еизаз агәамсам иабзоураны. Адгьыли агәамсами 25-30 метра рыбжьоуп, ара иҟалало амцакрақәа рырцәарагьы еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит ҳәа иҳәоит Бигәаа.
Спецтехника  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2023
Аԥсны
Агәамеизгага техника ҿыц аархәеит Гагра араион аҿы
"Аҭагылазаашьа атехникагьы даара ишьақәнаҟьоит. Амҩа акаҭран ма ацемент ықәызҭгьы усеиԥш ҟаломызт, аха ара ус амҩа узыҟаҵом. Агәамсам амажәеиԥш иҳәазоит. Ус блала иумбозаргьы усеиԥш ауп ишыҟоу" - иҳәеит иара.
Аамҭа-аамҭала амцакрақәагьы ҟалалоит. Мызкахьы ҩынтә ма хынтә. Атехника ахархәарала идырцәоит, анышә ақәрыԥсоит ма ахәа.
2023 шықәса мшаԥымзазы иазгәаҭоуп Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ацрыҵ кьакьақәа реизакырҭа аусура аларгара. Иара аргылара иалаган 2021 шықәсазы. Бигәаа ишиҳәо ала, Гагрантәи уахь агәамсам агара иазхәыцтәуп, избанзар ахарџьқәа еиҳа еиҳахоит, атехника ҷыдагьы аахәара аҭаххоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0