Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аполитолог Аԥсни Башкортосҭани реимадаразы: ҳадгылозароуп, пату ақәҵаны ҳахцәажәароуп

Аполитолог Аԥсныи Башкортосҭани реимадаразы: ҳадгылозароуп, пату ақәҵаны ҳахцәажәароуп
Анапаҵаҩра
Башкортосҭан ахада Ради Хабиров зхадараҿы дыҟаз аделегациа хәажәкыра 30 инаркны мшаԥы 2-нӡа Аԥсны иаҭан. Аԥсни Башкортосҭани жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа рынагӡаразы ахәҳаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҟны аусеицуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аимадарақәа рылҵшәақәа зеиԥшрахар ҟало, Аԥсни Башкортосҭани русеицура лшарақәас иаанартуа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны аполитолог Беслан Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы, ҳҳәынҭқарра амацәаз ианҭакыз, ҳхьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара анамамыз, Урыстәыла иалоу ареспубликақәа Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Ҩада Кавказ иааныркылоз рпозициа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгыларазы аҵакы шыӷәӷәоу.
"Арҭ иааныркылоз аҭыԥ даараӡа иӷәӷәоуп, убри ҳхамшҭроуп. Иахьагьы арҭ ареспубликақәа рымчра, аиаша ҳҳәозар, Аԥсны ҳхы иаҳзархәаӡом. Иаҳҳәоит аинвестициақәа ҳҭахуп, Аԥсны асоциал-економика ахырхарҭа аҿиара аиуроуп ҳәа. Урҭ абантәиаауа, иаазгода? Адунеи аҳәынҭқарра дуқәа Аԥсны иазхьаԥшуа иҟалаӡом иааиуа ашықәсқәа. Нас иарбану, ҳхы абаҳархо? Арҭ ареспубликақәа рахь ауп аԥхьа иргыланы, урҭ рҟны аимадарақәа рыла Аԥсны аиҵыҵра аиуроуп. Уи аганахьала ҳахәаԥшуазар ари даараӡа иӷәӷәоу астратегиатә зҵаара аӡбароуп, иаҳхамшҭроуп аԥсуа жәлар дара рыда ԥсыхәа шҳамам, ас еиԥш аимадарақәа ҳрыдгылозароуп, пату рықәҵаны ҳрыхцәажәароуп", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0