https://sputnik-abkhazia.info/20230404/isazaara-dalit-arkheolog-aaraua-igor-naria-1045030102.html
Иԥсҭазаара далҵит археолог, аҵарауаҩ Игор Ҵнариа
Иԥсҭазаара далҵит археолог, аҵарауаҩ Игор Ҵнариа
Sputnik Аҧсны
Игор Ҵнариа – еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, археолог, аҭҵаарадыррақәа ркандидат. Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут археологиа аҟәша аиҳабыс дыҟан. 04.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-04T12:02+0300
2023-04-04T12:02+0300
2023-04-04T12:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101801/23/1018012355_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_0ecb743ed8220e84ef23cebfb8f2f139.jpg
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Ҵнариа Игор. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба. Игор Ҵнариа Кәтолтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Далгеит А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт абиолого-географиатә факультет. 1968 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут археологиа аҟәша аусзуҩыс, анаҩс аҟәша аиҳабыс дыҟан. 1982 шықәсазы ихьчеит адиссертациа "Аԥсны аенолити заанаҵтәи аџьазаамҭеи ркультурақәа реизыҟазаашьа" атемала. Аиҳарактәи иҭҵаарадырратә хырхарҭақәа абри аамҭа иазкын. Напхгара риҭон Гәандра (Афон Ҿыц) аенеолити еиланхарҭаҿтәи ажрақәа, Хәаԥи Оҭҳареи рмегалиттә ргыларатә комплексқәа рҿы ажрақәа. Игор Ҵнариа иара убасгьы имҩаԥигон ихаҭа иааирԥшыз Афон Ҿыц, Аԥсар аҿыгҳарацәатә еиланхарҭатә баҟа аҟны ажрақәа. Раԥхьаӡа акәны ишьақәиргылеит ажәытә аԥсуа нхарҭақәа рҟазшьа, иааирԥшит адольмен акромлех, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазтәи ан-ашьаҭаркҩы ахаҳә иалху лыскульптура ааирԥшит. Игор Ҵнариа иҵарауаҩра адагьы дырҿиарауаҩын. Жәабала ажәеинраалақәеи ашәақәеи дравторын. Далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, еицырдыруа Аԥсуаа рышәҟәы авторцәа дреиуан, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 2004 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада иусԥҟала "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара иаанашьан.
https://sputnik-abkhazia.info/20180921/znaria-iahindsasilsho-sipsadgil-aikurhara-hikkis-isiman-1025065188.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101801/23/1018012355_112:0:1808:1272_1920x0_80_0_0_9af71af1e7dc96eb8c1180dd1c029b43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Иԥсҭазаара далҵит археолог, аҵарауаҩ Игор Ҵнариа
Игор Ҵнариа – еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, археолог, аҭҵаарадыррақәа ркандидат. Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут археологиа аҟәша аиҳабыс дыҟан.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Ҵнариа Игор. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.
"Игор Иван-иԥа иҭаацәеи иареи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәын, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәылан. Иара иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра иазикит. Иахьатәи аԥсуа ҭҵаарадырра ацәыӡ ду аиуит. Иуадаҩуп археологиа аусхк аҟны илагаламҭақәа. Ари аус аҟны Игор Иван-иԥа иеиԥш зеиԥшыз дыҟамызт", - иҳәеит Ашәба.
Игор Ҵнариа Кәтолтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Далгеит А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт абиолого-географиатә факультет. 1968 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут археологиа аҟәша аусзуҩыс, анаҩс аҟәша аиҳабыс дыҟан. 1982 шықәсазы ихьчеит адиссертациа "Аԥсны аенолити заанаҵтәи аџьазаамҭеи ркультурақәа реизыҟазаашьа" атемала. Аиҳарактәи иҭҵаарадырратә хырхарҭақәа абри аамҭа иазкын. Напхгара риҭон Гәандра (Афон Ҿыц) аенеолити еиланхарҭаҿтәи ажрақәа, Хәаԥи Оҭҳареи рмегалиттә ргыларатә комплексқәа рҿы ажрақәа.
Игор Ҵнариа иара убасгьы имҩаԥигон ихаҭа иааирԥшыз Афон Ҿыц, Аԥсар аҿыгҳарацәатә еиланхарҭатә баҟа аҟны ажрақәа. Раԥхьаӡа акәны ишьақәиргылеит ажәытә аԥсуа нхарҭақәа рҟазшьа, иааирԥшит адольмен акромлех, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазтәи ан-ашьаҭаркҩы ахаҳә иалху лыскульптура ааирԥшит.
Игор Ҵнариа иҵарауаҩра адагьы дырҿиарауаҩын. Жәабала ажәеинраалақәеи ашәақәеи дравторын. Далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, еицырдыруа Аԥсуаа рышәҟәы авторцәа дреиуан, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 2004 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада иусԥҟала "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара иаанашьан.