Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьниаԥҳа Жәларбжьаратәи амузыкатә симпозиум алахәхаразы: ҩнуҵҟала уарбеиоит

Џьниаԥҳа Жәларбжьаратәи амузыкатә симпозиум алахәхаразы: ҩныҵҟала уарбеиуеит
Анапаҵаҩра
"Рахманинови иаамҭеи" захьӡу Жәларбжьаратәи асимпозиум мҩаԥысит Москва, аурыс композитор дуӡӡа диижьҭеи 150 шықәса инамаданы. Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа алахәын уи аусмҩаԥгатә. Аҭҵаарадырратә симпозиум аҟны излацәажәоз, иахьа адунеи аҟны ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа акультура ныррас ианаҭар алшо ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит асимпозиум иалахәыз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
"Сара сзы иҿыцрахеит Рахманинов еиуеиԥшым иусумҭақәа рҟны имузыкеи анемец сахьаҭыхыҩ иусумҭақәеи реидҳәалара. Уи иазкыз ажәахә сгәаԥхеит, уи аҟны иаарԥшыз абри аидҳәала ахьазгәаҭаз. Амузыка уаназыӡырҩуа нас асахьаԥҵамҭа уанахәаԥшлак, аиашазы еилукаауеит ишеидҳәалоу. Рахманинов амузыка адагьы егьырҭ аҟазара ахкқәа дрызҿлымҳан: асахьаҭыхра, атеатр. Урҭ ирҿиаратә мҩа ианыԥшуан… Аинтерес аҵан убасгьы даҽаӡәы иажәахә, иҟан убас аамҭак асовет ҳәынҭқарраҿы Рахманинов имузыка анадмырҳәоз, уи шықәсык акәын. Рахманинов ареволиуциа ашьҭахь даанымхаӡеит Урыстәыла, агастрольқәа иман, иконцертқәа рышьҭахь Европатәи ҳәынҭқаррак аҿы даангылеит. Убри ҿыҵгас ирыман асветттә номенклатура иаҵанакуаз, аха шықәсык анаҩс амузыкантцәагьы, адирежиорцәагьы, ахәаԥшцәагьы имшәаӡакәы уи иаԥҵамҭақәа дырхынҳәит асоветтә аурыс концерттә залқәа рахь ", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Лара иазгәалҭеит ас еиԥш асимпозимқәа рылахәхара, уа иуаҳауа аинформациа ҿыц удыррақәа ишеизнарҳауа, ушарбеио ҩнуҵҟала.
Ажәабжьқәа зегьы
0