Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәса актәи аԥшьбараз Аԥсны атауареикәыршара 9 миллиард мааҭк еиҳауп

© Sputnik / Владимир ТрефиловМонеты номиналом один рубль
Монеты номиналом один рубль - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәса актәи аԥшьбарак иаҿырԥшны уажәтәи арбагақәа миллиардки 517 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2023 шықәса актәи аԥшьбараз Аԥсны атауареикәыршара 9,4 миллиард мааҭ ыҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Иара иажәақәа рыла, ажьырныҳәамза иалагазар, аимпорт 7,4 миллиард мааҭ рыхә алагалоуп. Ари ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 1,4 миллиард мааҭ ма 23% рыла еиҳауп.

Аекспорт ахышәаҵышәа 1,94 миллиард мааҭ итәеит, ари 2022 шықәсазтәи ашықәс иаҿырԥшны 137 миллион ма 7,6% рыла еиҳауп.
2023 шықәса актәи аԥшьбарак аихшьаалақәа рыла, аҳазалхыҩцәа ареспублика абиуџьет иахырԥхьаӡалеит 608,8 миллион мааҭ, планла 570,3 миллион ахьарбаз. 2023 шықәса актәи аԥшьбарак азтәи аплан нагӡоуп 107% рыла иҳәеит Лабахәуа.
Ари 2022 шықәса иаҿырԥшны 37,7 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
Государственный таможенный комитет - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2023
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара рекордтәхеит
Аҳазатә шәарақәа ирхаданы ишьоуп ахәԥсацҵазы ашәахтә (НДС), азеиԥшшәарақәа рҟынтәи 60% назыгӡо. Лабахәуа иажәақәа рыла аимпорти аекспорти рзы аҳазатә баџь 18% артәоит аҳазатә шәарақәа зегьы рҟынтәи (111,5 миллион мааҭ), аҳазатә еизга - 16% (99,4 миллион мааҭ), акцизтә шәахтә - 6% (39,8 миллион мааҭ).
Аилатәараҿы дықәгылеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, аҳазатә закәан аилагарақәа дрылацәажәо.
Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәса актәи аԥшьбараз иаарԥшын 62 административтә закәанеилагара – ирыдбалан, иагьрымхын ззин ыҟам амаҭәашьарқәа: аметадон, агероин, апрегабалин, алирика, анеиратин, агапапентин.

Иара убасгьы ажьырныҳәамзаахыс џьоукы ирыдбалан иагьрымхын ззин рымамыз 223 440 сигареҭ, 105 ак аелектронтә сигарет, 285 ҭоԥ акалиан азы аҭаҭын, 209 ԥаҭлыка арыжәтә, 198 ак ахаҿырԥшӡага аалыҵ, амаининг аппаратқәа 7, ашәҭқәа 2 516, 259,9 кьыла аԥшшәы змоу аметалл, 210 кьыла араса.

Хараԥса ҳасабла ареспубликатә биуџьет иалагалан 468,5 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0