Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада аԥснытәи аделегациа идикылеит

© SputnikПрезидент Южной Осетии Алан Гаглоев принял абхазскую делегацию во главе с министром культуры Абхазии Дауром Кове.
Президент Южной Осетии Алан Гаглоев принял абхазскую делегацию во главе с министром культуры Абхазии Дауром Кове. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2023
Анапаҵаҩра
Цхинвал Аԥсуа культура амшқәа ирылагеит, ауснагӡатә хыркәшахоит мшаԥы 6 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аиԥылараҟны Гаглоев инаҵшьны иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа ҩба рыжәларқәа рлахьынҵа шеидҳәалоу, еицырзеиԥшны аԥышәара дуқәа ишырхысыз, рҳәынҭқаррақәа разхаҵара ишазықәԥоз.
Даур Ақаҩба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа ԥхьаҟагьы рыҟазаара шхымԥадатәиу.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит иахьа ҳаиашьаратә республикаҿы ҳахьыҟоу, ҳкультура ахәҭак акәзаргьы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар иахьыдҳардыруа. Адунеи аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, аинырра аамҭа азаҳаԥшаауеит. Сгәы иаанагоит, арҭ ҩымш рыҩнуҵҟа Цхинвал имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа агәахәара шәырҭап ҳәа", - иҳәеит иара.
Мшаԥы 5 рзы Цхинвал Аԥсуа культура амшқәа ирылагеит, ауснагӡатә хыркәшахоит мшаԥы 6 рзы. Арахь рҟазара ддырбарц иааит акәашареи ашәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль, Аԥснытәи аҿар ртеатр (аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш").
Флаг Республики Южная Осетия и  Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2023
Аԥсны
Аԥсны акультура амшқәа ирылагеит Аахыҵ Уаԥстәыла
Ажәабжьқәа зегьы
0