Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Москва Агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа далахәын

© Sputnik / Алексей МайшевМосковский Кремль и Покровский собор
Московский Кремль и Покровский собор - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва, Кремль Александр изал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ мшаԥымза 5 рзы агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа далахәхеит.
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Мшаԥымза 5 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва, Кремль Александр изал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа иҭара ацеремониа далахәхеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.

Ари ацеремониа иалахәхеит иара убасгьы: ЕЕ, ЕАА, Даниа, Парагваи, Норвегиа, Аекваториалтә Гвинеиа, Оман, Шьамтәыла, Аҩадатәи Македониа, Брунеиа-Даруссалама, Мексика, Гондурас, Зимбабве, Ирак, Камбоџьа, Гвинеиа рҟынтәи ацҳаражәҳәаҩцәа.

Аусмҩаԥгатә аан Владимир Путин дықәгыланы актуалра зҵоу жәларбжьаратәи апроблемақәа ирызкыз ажәахә ҟаиҵеит, иара убас агәраргагатә шәҟәқәа зыхьӡала ирҭоз атәылақәеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ахҳәаа рзыҟаиҵеит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра – иаҳгәылоу стратегиатә ҩызоуп. Сынтәа иазгәаҳҭоит хра змоу арыцхәқәа: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Урыстәыла Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы ахыдҵақәа ԥхьаҟагьы инанагӡоит", - иҳәеит ацеремониаҟны Владимир Путин.
Алхас Кәыҵниа ацеремониа далахәын Аԥсны ААР аус зыднаулаз итрадициатәу амилаҭтә стиль зныԥшуа, адипломатиатә чын зныԥшуа адипломатиатә цәамаҭәа ишәны. Аформа адизаин аус адулараан аҭоурыхҭҵааҩцәеи, апрофессионалтә дизаинерцәеи, агеральдика иазҟазоуи алархәын. Зыԥштәы иаҵәоу хыхьтәи акьаҿ раӡны рахәыцла иқәҵоуп аԥсуа милаҭтә џьоуҳарқәа рыла, урҭ адипхаҭарнак иранг аадырԥшуеит.
"Ҳара ҳзы даара аҵак ду аман иахьатәи агәырӷьаратә усмҩаԥгатә аан ацҳаражәҳәаҩ аԥсуа дипломатиатә маҭәа ишәҵаны агәраргагатә шәҟәқәа Урыстәыла ахада ииркырц. Ари ҳара даҽазныкгьы алшара ҳанаҭоит Аԥсны аӡбахә аҳәара", - ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ари амаҭәара аус адулареи аӡахреи рзы рхатә харџь аларҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынби Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Дмитри Кьетиеи.
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2023
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа ианашьоуп Аҷыдалкаатәи Азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ иреиҳаӡоу адипломатиатә чын
Ажәабжьқәа зегьы
0