https://sputnik-abkhazia.info/20230405/nikaragua-adnyati-ausa-rministr-aau-ay-alektsiaa-drykhoit-1045064556.html
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр ААУ аҿы алекциақәа дрыԥхьоит
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр ААУ аҿы алекциақәа дрыԥхьоит
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны ААУ аҿы Никарагуа ахада Даниель Ортега иԥсҭазаара иазку алекциақәа дрыԥхьарц аидеиа иоуит Аԥсны ААР аминистр Инал... 05.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-05T16:50+0300
2023-04-05T16:50+0300
2023-04-05T16:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны аар
инал арӡынба
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102834/54/1028345441_0:50:3164:1829_1920x0_80_0_0_2c023714843e8d5c5761983f9b773fd0.jpg
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Никарагуа ахада Даниель Ортега иԥсҭазаара иазку алекциақәа дырзаԥхьараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр. Монкада ААУ аҿы иқәгылара мҩаԥгахоит 2023 шықәса лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа данаҭаауа. Инал Арӡынба аонлаин-еицәажәараан Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес Аԥсны афорум GlobalAbkhazia далахәхаразы ааԥхьара ииҭеит. Афорум азԥхьагәаҭоуп Аԥсны ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра амш азы – 2023 шықәса лаҵара 17 рзы. Аиԥылараҟны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рганахьала агәаанагарақәа еимырдеит, аминистрцәа иазгәарҭеит аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәа агәреибагареи аҳаҭыреиқәҵареи рышьаҭала аҿиара шрымоу, иаадырԥшит аполитикатә диалог, ахәаахәҭра-економикатә усхк, Ахәаахәҭра аҩны аԥҵара уҳәа рганахьала аҿиара шарҭаху.
https://sputnik-abkhazia.info/20221202/asni-nikaraguei-akultura-auskhk-any-2023-shysazy-reinyrra-ausnagat-rydyrkyleit-1042924183.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102834/54/1028345441_129:0:2860:2048_1920x0_80_0_0_a1f5a44bb5ebd7d49d4130b02e27d8b5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аар, инал арӡынба
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аар, инал арӡынба
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр ААУ аҿы алекциақәа дрыԥхьоит
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны ААУ аҿы Никарагуа ахада Даниель Ортега иԥсҭазаара иазку алекциақәа дрыԥхьарц аидеиа иоуит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба.
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Никарагуа ахада Даниель Ортега иԥсҭазаара иазку алекциақәа дырзаԥхьараны дыҟоуп ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
Монкада ААУ аҿы иқәгылара мҩаԥгахоит 2023 шықәса лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа данаҭаауа.
Инал Арӡынба аонлаин-еицәажәараан Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес Аԥсны афорум GlobalAbkhazia далахәхаразы ааԥхьара ииҭеит. Афорум азԥхьагәаҭоуп Аԥсны ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра амш азы – 2023 шықәса лаҵара 17 рзы.
Аиԥылараҟны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рганахьала агәаанагарақәа еимырдеит, аминистрцәа иазгәарҭеит аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәа агәреибагареи аҳаҭыреиқәҵареи рышьаҭала аҿиара шрымоу, иаадырԥшит аполитикатә диалог, ахәаахәҭра-економикатә усхк, Ахәаахәҭра аҩны аԥҵара уҳәа рганахьала аҿиара шарҭаху.