Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акыр шәышықәса ирҭысхьаз Лыхнашҭатәи аҵла ааха арҭеит

© Sputnik Томас Тхайцук Праздник урожая в Лыхны
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа – Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ҭыԥуп. Араҟа ажәлар рзеиԥшеизарақәа ахьымҩаԥысуаз, иахьагьы еиуеиԥшым аспорттәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥуп.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik, Бадри Есиава. Макьана еилкаам шьоукы, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа иқәгылаз акыр ашәышықәсақәа иргәылсны иааиуаз аҭәаҵла ду иааваргьежьны хьархьла иԥырҟеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи араионтә еизара адепутат Едгар Камлиа.

Иара иазгәеиҭеит, ахәылбаҽха мшаԥы хәба рзы ашҭа ааигәара инхоз ишраҳаз абылтәы зҭарҭәо ахьархь абжьы.

"Асааҭ 20:00 рнаҩсшәа анхацәа аӡәырҩы ари абжьы раҳаит, аха аӡәгьы ихаҿы изаамгеит аҭәаҵла ду ԥырҟоит ҳәа. Аҵла ашьапы зегьы иаакәыршан ахәархь ашьҭа убарҭоуп. Араҟа иҟоуп араион ахадара, ақыҭа ахадара, амилициа, АШәМ ахаҭарнакцәа, аԥыза-министр Александр Анқәаб. Аха макьана иҟалаз ахҭыс азы гәаанагаракгьы ыҟам", - ҳәа иҳәеит иара.
Камлиа агәра ганы дыҟам, аха игәаанагарала аҭәаҵла иаиуз ааха ашьҭахь аԥсы еиқәымхар ҟалап.
Дарбан ԥсуазаалак изын иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоу Лыхнашҭа иҟаҵоу ацәгьоура дақәыӡбеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит ацәгьоура иалахәу рыԥшаараз иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәы зегьы рыдыркыларц.
Лыхны — Аԥсны зегьы иреиҳау ақыҭақәа иреиуоуп. Араҟа аԥсуа аҳцәа иртәарҭан, ара иит жәлар рҵеи лаша Нестор Лакәаба, аԥсуа ҵарауаа дуқәа Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ҭыԥуп. Араҟа ажәлар рзеиԥшеизарақәа ахьымҩаԥысуаз, иахьагьы еиуеиԥшым аспорттәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0