Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еныкь Аҿар ртеатр Аахыҵ Уаԥстәыла ақәгыларазы: ас еиԥш адкылара бзиаӡа ҳақәгәыӷуамызт

Еныкь Аҿар ртеатр Аахыҵ Уаԥстәыла ақәгыларазы: ас еиԥш адкылара бзиаӡа ҳақәгәыӷуамызт
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура амшқәа мҩаԥысуан Аахыҵ Уаԥстәыла мшаԥы 5-6 рзы. Акультура аминистр Даур Ақаҩба напхгара ззиуа Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәеи Аҳәынҭқарратә ансамбль акәашаҩцәеи злахәу аделегациа Цхинвал иҟоуп. Аԥсны акультура амшқәа аартын Коста Хетагуров ихьӡ зху Адраматә театр аҿы аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ала, анаҩс имҩаԥган Аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт. Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахәаԥшыҩцәа ҳҟазацәа шрыдыркылаз, ас еиԥш иҟоу аиҭанеиааирақәа ахьынӡахадоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
"Даараӡа ихымԥадатәиуп ҳәа азысԥхьаӡоит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара. Иуадаҩгәышьоуп, ахарџь рацәаны иацуп, аха иаӡбо даара ирацәоуп. Агәаԥхара, аизааигәара, агәыбылра абарҭқәа зегьы ажәларқәа ирыбжьанаҵоит", - иҳәеит Еныкь.
Иара иазгәеиҭеит ицәажәараҟны ауаԥс хәаԥшыҩцәа даараӡа ибзиаӡаны ишрыдыркылаз аԥсуа актиорцәа, Аԥсны аҟазара аусзуҩцәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0