Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагԥҳа ақыҭахәыҷқәа рдиспансеризациазы: иаарласны аԥҟара зҭаху алкаан

Ҳагԥҳа ақыҭахәыҷқәа рдиспансеризациа: иаарласны аԥҟара зҭаху алкаан
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ақыҭашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара иазырхоу апроект шымҩаԥысуа, насгьы иарбан чымазарақәоу уажәнатә иалкаау ахәыҷқәа рыбжьара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аконгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ақыҭашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара иазку апроект аусура иацнаҵоит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ашколхәыҷқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, иарҭоит ршьа. Ари апроект Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагоит Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵара аминистрреи рыцхыраарала.
Изольда Ҳагԥҳа лажәақәа рыла, мызкы иалагӡаны ҩ-қыҭак рҿы аус рухьеит, иааидкылан 140-ҩык ахәыҷқа гәаҭоуп.
"Макьана алкаақәа рыҟаҵара цәгьоуп, аха иазгәаҭатәуп ахәыҷқәа рыблақәа рзы ауадаҩрақәа шыҟоу. Ателефонқәа ирыхҟьаны рыблақәа ибзианы ирбаӡом. Аҳақьымцәа аҭаацәа адырра рырҭоит. Абласаркьақәа ныҟәызгараны иҟоу рацәаҩуп. Уи аԥхьа аҭаацәа иагьрыздыруамызт ахәыҷы имоу ауадаҩарақәа ртәы. Иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы дангәаҳҭалак ашьҭахь анаҩс еиҭа игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы аҳақьым дидҵаалар ахәҭоуп, аха уи азы аҭаацәа афинанстә ҭагылазаашьа рымам. Иҟалалоит иҳацу аҳақьымцәа анаҩс хәыда-ԥсада уи рхахьы ианырго", - ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩы еиҭалҳәеит ишыҟоу ахәыҷқәа ахаан аҳақьым иҿы имнеиц, ус иаарласны аԥҟарақәа зҭаху алкаан, аҭаацәа адырра рыҭан.
"Ари ашықәс иалагӡаны 1000-ҩык раҟара ахәыҷқәа гәаҳҭараны ҳаҟоуп. Еиҳараҩык ахәыҷқәеи аҭаацәеи ибзианы ирыдыркылоит ҳнеира, аха мап зкуагьы ыҟоуп. Уи мзызс иамоу атәы ҳаздыруам. Ҳара ахәыҷқәа ргәабзиара еилаҳкаарц ҳҭахуп, алаҵақәа ҟаҳҵаӡом", - ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект иахылҿиааит аус бзиагьы, ус, Гагра араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада адырра ҟалҵахьеит, араион ахәыҷқәа ргәаҭара дара рхахьы ишыргаз атәы. Хымш ҵуеит Гагра ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалагеижьҭеи лҳәеит Ҳагԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0