Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амқәаб: аԥсуа хәыҷы аҳәынҭқарратә университет аҟны иоуа ахаҵгылара, даҽаџьара имоур ҟалоит

Амқәаб: аԥсуа хәыҷы иҳәынҭқарратә университет аҟны иоуа ахаҵгылара, даҽаџьара имоур ҟалоит
Анапаҵаҩра
Адкыларатә кампаниа 2023 аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апрофориентациатә усура хыркәшоуп. Афакультетқәа рдеканцәа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥган раионцыԥхьаӡа. Аректор иабжьгаҩ, афилологиатә факультет ажурналистика акафедра аиҳабы Гурам Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ас еиԥш ауснагӡатә аҟынтәи ауниверситет аҟны иззыԥшу алҵшәақәа ртәы.
Уажәшьҭа хәышықәса ирықәуп ас еиԥш аиҿкааратә ус ауниверситет имҩаԥнагоижьҭеи, иара иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭалара зҭаху даара иарманшәалоит ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҟны Амқәаб.
"Ахәыҷқәа араионқәа рҟны ирԥылоит ауниверситет аҿы аус зуа арҵаҩцәа, иреилдыркаауеит аԥышәарақәа шымҩаԥысуа, насгьы ахырхарҭа алхраҟны ирыцхраауеит. Ахәыҷқәа иҟарҵо азҵаарақәа рҭакқәа зегь роуеит. Аиԥыларақәа сгәаанагарала аинтерес аҵаны имҩаԥысуеит, насгьы ауниверситет иаҳа абитуриентцәа аднаԥхьалоит", - иҳәеит Амқәаб.
Иара инарҭбааны убасгьы дазааҭгылеит ауниверситет ажурналистика аҟәшахьы зхы зырхо абитуриент идыргало азанааҭқәа ртәы.
Амқәаб иазгәеиҭеит аҳәаанырцә аҵарахьы ицо аԥсуа ҿар рхыԥхьаӡара шырацәоу. Убри аан уи еснагь иаанагаӡом уаҟа ироуа адыррақәа рыҩаӡара иаҳа иҳаракхоит ҳәа, избанзар ихьысҳау ауниверситетқәа маҷӡам.
"Аԥсуа хәыҷы ҳара ҳшихаҵгыло еиԥш, даҽаџьара дахьнеиуа ус ихаҵгылаӡом, убри аҟынтәи рҳәынҭқарраҟны аҵара рҵар иаҳа еиӷьуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Иԥсҭазаара аԥсуа ҳәынҭқарра иазикыр иҭахызар, аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иҵароуп, избанзар ара ишидырҵо еиԥш, даҽаџьара идмырҵар ҟалоит", - иҳәеит Амқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0