Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Блаб Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡоужьреи ақәыӷәӷәарақәеи ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Блабб Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡоужьреи, ақәыӷәӷәарақәеи ирызкны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 1 инаркны иаанкылоуп афымцамч аамҭа-аамҭала арцәаразы иалагалаз аграфик. Изыбзоурахазеи аԥкрақәа раԥыхра, иҳазҳәома аԥхаррақәа ахьынӡаҟоу аграфик уаҳа ҳаиҭазыхынҳәӡом ҳәа, изеиԥшроузеи уажәы афымцеихшарҭақәа, иҟоума ақәыӷәӷәарақәа, абарҭ азҵаарақәа рҭак арадио Sputnik аефир аҿы иҟаиҵеит "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
Аграфик аԥыхра алыршахеит Џьуартәи аӡеизгарҭа иҭало аӡы иаҳа иахьеиҳахаз аҟынтә ҳәа азгәеиҭеит Блаб арадиоефир аҿы.
"Егрытәи астанциа алшарақәа еизҳаит, аха ақәыӷәӷәарақәа ҳаракхар, аграфик еиҭа иалагалахар ҟалоит, иахьазы ус еиԥш аабом", - иҳәеит Блаб.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, уахи-ҽны ацәаҳәақәа ҿыблаауеит, еиҳарак ус еиԥш ихьырацәоу ақыҭақәа рҿоуп, ақалақь аасҭа.
Саид Блаб еиҭеиҳәеит, асоциалтә ҳақәа рҿы ауааԥсыра ирылаҵәаз аинформациа аӡеизгарҭаҿы аӡоужьра зыхҟьо атәы.
"Егры азааигәара инхо рзы аӡоужьра ашәарҭара ацуп. Аха ус еиԥш ианыҟало аӡы 510 метра аҩаӡара аҟынӡа ианнеилак ауп. Иахьазы 450 метра рҟынӡа аӡы ҭоуп. Ирацәаны аӡеизакра азин ыҟаӡам аӡеизгарҭа аҭӡы иахәҭам ақәыӷәӷәара аиуеит азы, аха уи аҩыза аҭагылазаашьа ыҟаӡам уажәы", - ҳәа иҳәеит Блаб.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба иажәақәа рыла, амаининг апроблема шыҟац иаанхоит, амашьынақәа андырцәалак ашьҭахь 2-3 мшы ааҵуаны еиҭа ақәыӷәӷәарақәа ҳбоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0