https://sputnik-abkhazia.info/20230409/1045179344.html
Арацәа згәылаҵәаху ақалақь: Тҟәарчал аргылара шыҟалаз
Арацәа згәылаҵәаху ақалақь: Тҟәарчал аргылара шыҟалаз
Sputnik Аҧсны
Мшаԥы 9 рзы ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 81 шықәса ахыҵит. Иара индустриалтә центрк аҳасабала ишьақәгылеит 1942 шықәсазы. Аԥсны адагьы, Кавказ зегь аҿы... 09.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-09T18:00+0300
2023-04-09T18:00+0300
2023-04-10T10:07+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102079/24/1020792419_0:248:3573:2257_1920x0_80_0_0_1f3145331b46e85d0bda8fefe20247aa.jpg
Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа ақалақь ашьапы ркыртә еиԥш аҭагылазаашьа цәырҵуа иалагеит XIX ашәышықәсазы ара арацәа анырԥшаа ашьҭахь. ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы ара ирылагеит раԥхьатәи агеологиаԥшыхәратә усурақәа, урҭ иаадырԥшит тҟәарчалтәи арацәа хәызмаӡам металлургиатә маҭәахәы шакәу.1935-1940 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы Тҟәарчал иазҳауан анхарҭатә ҩнқәа рхыԥхьаӡара, иҿио иалагеит аҭыԥантәи амилаҭтә кадрқәа. Убас, мшаԥы 9 1942 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь ааглыхратә қалақьк аҳасабала ишышьақәгылаз рылаҳәан. Иара шьақәдыргылеит еизааигәан ишьҭоу аҳаблақәа хԥа рыла - Аҟармара, Џьанҭыхә, Кәазан.Ақалақь аргылара иалахәын итҟәаз анемец солдаҭцәа, ахыбрақәа зеиԥшрахашаз рыӡбон анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи. Убри иабзоураны даҽакы иаламҩашьо цәаҩак амоуп ари ақалақь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102079/24/1020792419_116:0:3456:2505_1920x0_80_0_0_033fbac0c5ea5ea2b91da8dad7e120cd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Арацәа згәылаҵәаху ақалақь: Тҟәарчал аргылара шыҟалаз
18:00 09.04.2023 (ирҿыцуп: 10:07 10.04.2023) Мшаԥы 9 рзы ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 81 шықәса ахыҵит. Иара индустриалтә центрк аҳасабала ишьақәгылеит 1942 шықәсазы. Аԥсны адагьы, Кавказ зегь аҿы инарылукаауа иҟалеит.
Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа ақалақь ашьапы ркыртә еиԥш аҭагылазаашьа цәырҵуа иалагеит XIX ашәышықәсазы ара арацәа анырԥшаа ашьҭахь. ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы ара ирылагеит раԥхьатәи агеологиаԥшыхәратә усурақәа, урҭ иаадырԥшит тҟәарчалтәи арацәа хәызмаӡам металлургиатә маҭәахәы шакәу.
1935-1940 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы Тҟәарчал иазҳауан анхарҭатә ҩнқәа рхыԥхьаӡара, иҿио иалагеит аҭыԥантәи амилаҭтә кадрқәа.
Убас, мшаԥы 9 1942 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь ааглыхратә қалақьк аҳасабала ишышьақәгылаз рылаҳәан. Иара шьақәдыргылеит еизааигәан ишьҭоу аҳаблақәа хԥа рыла - Аҟармара, Џьанҭыхә, Кәазан.
Ақалақь аргылара иалахәын итҟәаз анемец солдаҭцәа, ахыбрақәа зеиԥшрахашаз рыӡбон анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи. Убри иабзоураны даҽакы иаламҩашьо цәаҩак амоуп ари ақалақь.

Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа Тҟәарчал ақалақь ашьапы ркыртә еиԥш аҭагылазаашьа цәырҵуа иалагеит XIX ашәышықәсазы ара арацәа анырԥшаа ашьҭахь.

Асовет аамҭазы 30-тәи ашықәсқәа рзы ирыӡбеит урҭ аҭыԥқәа рҿы ааглыхратә усура иалагарц.

Мшаԥы 9 1942 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь Аԥсны ахсаалаҿы ицәырҵит.

Иара шьақәдыргылеит еизааигәан ишьҭоу аҳаблақәа хԥа рыла - Аҟармара, Џьанҭыхә, Кәазан.

Ақалақь аргылара иалахәын итҟәаз анемец солдаҭцәа, ахыбрақәа зеиԥшрахашаз рыӡбон анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи.

Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы арахь нхара ҳәа ииасны арацәа ааглыхраҿы аусура иалагеит.

Аусзуҩцәа ауалафахә бзиа роуан, социалла адгылара рыман.

Ара идыргылон ахәшәтәырҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа.

Ари ақалақь иҿырԥшыгаз, акадрқәа еиззырҳауаз совет қалақьын.

Тҟәарчал Нхыҵ Кавказ иахьаҵанакуаз зегь реиҳа идууз ахаҳәтә рацәа ахьыҵырхуаз центрхеит.

Ихьанҭаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашықәсқәа раан Амшын еиқәа афлот былтәыла еиқәзыршәоз иара заҵәык акәын.

Ара игылоуп арацәаҵхҩы изку абаҟа, ари азанааҭ иақәыз апату шаҳаҭра азуа.

1992-1993 шш. рзы Аԥсны ақырҭуа ар анақәла, Тҟәарчал ақалақь амацәаз иҭаркит. Шәҩыла тҟәарчалаа рыҷкәынцәа абџьар кны аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит, рхы ақәырҵеит. Ақалақь ахаҭа ааха ду аиуит.

Аха, иазкашәаз арыцҳарақәа ириааины маҷ-маҷ аҿиарамҩа иануп. Уа иқәынхо ауааԥсыра еиуеиԥшым аусхкқәа рнапы рыларкуеит, атуризмгьы убрахь иналаҵаны.