Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аииа-абаииа ааит": Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амш иадҳәалоу аныҳәа

© Sputnik / М. ЮрченкоЛуговые цветы.
Луговые цветы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы мчыбжьык шагу амҽышазы имҩаԥырго Аииа-абаииа аныҳәа зызкуи, уи хыҵхырҭас иамоуи, насгьы амҩаԥгашьа шыҟоу атәы шәыдаагалоит иахьатәи ҳанҵамҭаҿы.
Абар мызкы инеиҳаны иҵуеит ақьырсиантә динхаҵара ныҟәызго ауааԥсыра зегьы Амшаԥныҳәа рҽазыҟарҵоижьҭеи. Имҩаԥыргоит уи иадҳәалоу еиуеиԥшым ақьабзқәа. Аҵыхәтәантәи ақьабзқәа иреиуоуп: Аӡырга-хәаша, Қәаб-ӷьарӷьар, Баииа, Чхадыл (Чачхадыл).
Амшаԥы аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи амҽыша аԥсуаа баииа иамшуп ҳәа иршьоит. Баииа – ари ааԥынразы ицәырҵуа ашәҭ ҩежь хәыҷқәа роуп. Уажәааны урҭ рыла адәқәа зегьы хҟьоуп.
Аҵарауаҩ Арда Ашәба ари аныҳәа ахаҭеи уи ахьӡи Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амш иадҳәалоуп ҳәа азгәеиҭоит.
"Ҩбаны ахьӡ рҳәоит "Аииа-абаииа ааит" ҳәа. Уи иацу аҵасқәа, ақьабзқәа ыҟоуп. Ақьырсианра ныҟәызго ажәлар дара рхатә милаҭтә ҷыдарақәа, знеишьақәак, ԥҟарақәак азгәарҭоит. Иарбан динзаалак ахатә ԥҟарақәа амоуп, убри аан уи ахьҿио, ажәлар ирнаалаша аҷыдарақәагьы алагалахоит, аԥсуаа ҳҟынгьы ус иҟалеит. Иара ахьӡ ахаҭа Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амш иадҳәалоуп. Усҟан ажәлар аҳ иеиԥш иԥылон, "осанна" (ҳаиқәырха ҳәа аанагоит - аред.) ҳәа еиқәҿыҭуа ҳаҭырла иԥылон, дахьиасуаз рымаҭәа ршәыхны икадыршәуан, апальма махәқәа шьҭарԥсон. Уи аԥхьа иара иԥсны ишьҭаз, адамра иҭаз Лазар иԥсы ҭеиҵеит. "Аԥсра иаиааиз аҳ, Анцәа иԥа" ҳәа абас иԥылон. Ари амш аԥшьбатәи ашәышықәсазы ныҳәаны ишьақәдыргылеит. Аԥсны адгьыл аҟны ишәҭуа ааԥын шәҭқәа рыхьӡ аҟынтәи иаауеит аииа-абаииа ҳәа аныҳәа ахьӡ. Абырзенцәагьы "ваии" ҳәа апальма амахәқәа ирышьҭоуп, уаантәи иааганы иашьашәало ҳа ҳҟны ус ицазар алшоит", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аииа-абаииа аҽны ашьыжь аԥшәмаԥҳәыс дҩагыланы, аҩнқәа ааԥхьаԥссаны, еилырганы абарҭ ашәҭ ҩежьқәа ҟәшәаны, аҩнаргәы, ахәышҭаара иакәыршаны икалыԥсоит. Иара убас ахрыӷгьы ақәлырҳәҳәоит. Насгьы кәтаӷьк урҭ ашәҭқәа рҟны инышьҭаҵаны хынтә ахәышҭаара иакәлыршоит, "абри акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш ҳҭәы-ҳаԥха ҳҟало, иаҳфо, иаҳжәуа ҳагымкәа", - ҳәа дныҳәаныԥхьаны.
Нас аԥшәмаԥҳәыс уи акәтаӷь адырга аҭаны иҟалҵоит. Анкьа арацәала иҟарҵон, уажәы акарандашь ала, аџьар асахьа анҵаны егьырҭ акәтаӷьқәа ирылалҵоит, нас урҭ Мшаԥы иаԥхьанеиуа ахәаша аухаз илшәуеит. Иара ахрыӷ зну акы инанҵаны, наҟ илҵәахуеит.
Ирҳәоит абас еиԥш ала ақьабз аҿы ахархәара змаз акәтаӷь зегь раасҭа иӷәӷәахоит ҳәа, уи зкызаауа егьырҭ зегьы дыриааиуеит, акәтаӷьқәа реинҟьараан. Ари акәтаӷь здыркуа аԥшәма аиҳабы иоуп рҳәоит шьоукы. Аха даҽа шьоукы изларҳәо ала, уи аҩнаҭа аиҵыбӡа идыркуеит.
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2019
Арадио
Ашәба: Аииа-абаииа амш азы акәтаӷь аҩнаргәы иакәдыршон, рыԥсҭазаара ҭәны иҟаларц
Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа ҳҟны адагьы, егьырҭ ажәларқәа рҟынгьы акәтаӷь акыр ақьабзқәа рҟны ахархәара шамоу аира, аҿиара, аԥсҭазаара ҿыц асимволра азызуа атрибутк аҳасабала. Адунеитә мифологиаҿы уи аарԥшуп адунеи згәылҵуа кәтаӷьны. Адунеитә кәтаӷь хьтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи иагәылҵуеит амра. Афинцәа репос "Калевала" аҟны акәтаӷь хыхьтәи ахәҭа иалҵит ажәҩан ду, ҵаҟатәи ахәҭа – адгьыл цәаакы. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ааԥынтәи ақьабзқәа рымҩаԥгараан, акәтаӷь аркәымпылра адгьылқәаарыхратә магиа иадҳәалан.
Иара убас ари амш азы мышшьарак аҳасабала аҩнусқәа ҟауҵар ҟалом, еиҳарак агәыр, анышә, аҵәымӷ укыр ҟалом.
Пасхальные куличи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы
Анҵамҭа аиқәыршәараан хархәара рыҭан Есма Ҭодуаԥҳа Sputnik азы иазлырхиахьаз аматериалқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0