Аԥсцәеи абзацәеи рхәы рымазароуп: Чачхадыл аишәа иаҵоу акәамаҵама

© Sputnik / Илона ХварцкияПасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы
Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақьуаҩ Лиудмила Сергьегьиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, даныхәыҷыз аахыс лгәалашәараҿы инхаз, лан Маргарита Бениаԥҳа (Кьахьырԥҳа) Амшаԥы аԥхьатәи аԥшьашазы, Чачхадыл (Чхадыл) аназгәарҭоз аишәаркра дшазнеиуаз, афатә ҷыда шлырмазеиуаз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа даҽа милаҭк ирылазмырҩашьо рацәаӡоуп, уахь иаҵанакуа иреиуоуп рыԥсцәа пату рықәҵашьа, ргәалашәара анаунагӡатәра, ианаамҭоу рхәы ақәыргылара.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Шықәсык иалагӡаны, ақьырсиантә дин ныҟәызго аԥсуаа хәынтә-фынтә аишәаргыларақәа ҟарҵоит, рыԥсцәа рхәы рырҭоит. 

49 мшы ицо Амшаԥтәи ачгара аҵыхәтәантәи аԥшьаша Чачхадыл (Чхадыл) ҳәа иашьҭоуп. Убасҟан, ақьырсиантә дин ныҟәызго аԥсуаа ҩнаҭацԥхьаӡа ачгьахьы ала аишәа дыргылоит. Ажәытәан, аԥсы ихәы ҷыдала иазнеиуан. Аҳәсацәа рҽазыршәон хкы рацәала ачгьахьы иатәу афатә армазеира.

"Ҳара Бармышь ақыҭан ҳанхон. Чачхадыл мышқәак шагыз, Бабын ихәы ҳәа иахьашьҭаз ҳан дхаланы илыҟәшәон апарҷпан, адырӷыӷ, аҳкәажә лыкәландыр (лыбна), ахәыцԥшқа. Аишәаргылара аҽны, хазы-хазы илчаԥон. Иҟалҵон аҟәыдыршьшьы, аҟәыдеилыршәшәа, амгьал. Аишәа иқәылҵон абысҭа, аԥсыӡ ӡны, асызбал ҿа, аџьыка, аџьыкхыш, аџьымшь ҿа, ацыца, анаша уҳәа убри аамҭазы иҟалоз ауҭраҭых аалыҵқәа. Хымԥада ачыс иавагылан аӡы, аҩы, ауаҭка, ацхаӡҩа, ахырҵәыӡҩа", — лан аишәа иқәылҵоз атәы далацәажәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Маргарита Кьахьырԥҳа ҷыдала дазнеиуан Чачхадыл иазкыз амгьал аӡра. Амажәа лкәаҳауан агәӡы икылхыз ашыла ала ахыз аҿы, иалҭон асодеи аџьыкхыши иақәнагаз, убас аҵыбра. Анаҩс ахәшҭаараҟны икәеицеиуаз аԥырӷқәа дынрыханы, ишыз ақьылмытқәа рҟны ахәыжәбӷьқәа ықәылҵон, нас амажәа еиҵыхны иақәҵаны еиҭа ахәыжәбӷьы ала ихҩаны, аԥырӷы нақәылԥсон. Абас, афҩы хааӡа амгьал ӡуан.

Абжьааԥны, ачуанмгьал ҟалҵон. Ачуан аҵа ахәыжәбӷьы ала ихҩаны, амажәа шеибгаз инҭаҵаны, хыхьла еиҭа ахәыжәбӷьы нақәҵаны аԥырӷқәа нақәылԥсон. Ианӡлак, аҳәызба ала исаны ачанах инанылҵон. Аишәа иазкыз аҟәыдеилыршәшәа ацаҟәыд иалылхуан. Иахьжәуаз иалалҵон аиаҵәара, аххылақәа, еиҳараӡак афҩы ҷыда змаз, ари афатә ианаалоз ҳәа иԥхьаӡаз акәлындыр. Аҟәыд анжәлак аӡы аахыхны, акакан ххны иалаҵаны, аџьыкеи аџьыкхыши аҭаны иааиллырхон.

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

Лиудмила Сергьегьиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, Бармышь ақыҭа иалсуаз, аамҭала ԥсыӡла ибеиаз аӡиас Маҳцыр аҟны, Чачхадыл аан, ахәыҷқәа рҽеидкыланы аԥсыӡ шыркуаз.

"Аҷкәынцәа арасамахә ала ишышны ақәыԥа ҟарҵон. Аӡы аҵаҟа иӡаадыргылон. Ауха иҭалоз аԥсыӡ, ашьыжь еибарыҩуа инеины иааҭыргон, ҭаацәала иааиҩыршон, аҵәаҳә иахаҵаны аҩныҟа иргон. Иара Чачхадыл анаҩсгьы, ақыҭа хәыҷқәа, аԥсыӡ ианаамҭаз ирклон", — лҳәоит зхәыҷра шықәсқәа ирзыхынҳәыз Лиудмила.

Абас ала, чгьахьы иақәнагаз ачыси арыжәтәи рыла, жәаҩык ахшара ран Маргарита Бениаԥҳа аԥсцәа рзы аишәа лыргылон. Иара уигьы, еиҭах ахатәы кәама-ҵамақәа аман. Аҩнԥҳәыс аишәа анлырхиоз дцәажәаӡомызт.

"Ҳан аишәа архиара даналагоз аламҭалазы, ашәи агәашәи ҵрааны иҟалҵон. Уи нахыс лыбжьы гаӡомызт. Избанзар зеишәа лыргылоз рхыԥхьаӡараҿы иҟан зҿаԥхьа дымцәажәоз аиҳабацәа. Ҳаргьы ҳахәмарны, ацәашьы ахьынӡаблоз алаф лылаҳхуан, дҳарцәажәоит ҳәа ҳалагон. Аха ҳан убираҟара ҳҵасқәеи ҳкьабзқәеи лылаҽны дыҟан, зегьы шахәҭаз еиԥш иныҟәылгон. Аԥсцәагьы ҳаҭырла дрызнеиуан", — илгәаларыршәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Аишәа ахьыргылаз ауадаҟны хымԥада ацәа афҩы ҩназар акәын, џьоукы ацәашьы рбылуан, егьырҭ асакәмал, даҽакала иаҳҳәозар, ацәашьы ххны, асаара ианыз аԥырӷы иақәырԥсон. Аишәа гылан сааҭк, мамзаргьы сааҭки бжаки. Ажәакала, афатә аԥхара цаанӡа. Анаҩс, зегьы хкы-хкыла ргьамақәа рбон, арыжә хырҭәалон.

Саарак аҟны, афатә хкқәа ҿаҵак-ҿаҵак аамхны, арыжәтә хкқәа налаҭәаны, аԥшәма адәахьы дындәылҵны, зхәы змауыз ԥырхага ҟашәымҵан наҳәаны, иахьыцқьаз, иаҳҳәап ҵлак ашьапаҟны инышьҭалҵон.

Уи ашьҭахь, аҩнԥҳәыс илырҵраахьаз ашәи агәашәи хынтә-ԥшьынтә иаркны илыртуан, иаанагозгьы аԥсы днаскьалгеит ауп.

Аԥсы иҭыԥ ахь дышьҭны, аишәа иадтәалон аҭаацәа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0