Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла РУСДРАМ афинанстә цхыраара азыҟанаҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый спектакль в Русдраме после ограничительных мер
Первый спектакль в Русдраме после ограничительных мер - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2023
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа аԥарарзоужьра ахахьы иагеит икоммерциатәым автономтә еиҿкаара "Русские сезоны".
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. РУСДРАМ ақәшәеит Урыстәыла афинанстә цхыраара зынаҭараны иҟоу аҳәаанырцәтә аурыс театрқәа рсиа, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Алла Манилова.
Зынӡа 15 театр атәылақәа жәаба рҟынтәи аԥара рзоурыжьуеит, уи ҩ-хырхарҭакны инарышьҭуеит:
хә-миллион мааҭк асценазы амаҭәахә аахәаразы,
хә-миллион мааҭк аԥхьарбарақәа рықәыргалара.
РУСДРАМ адагьы, асиа иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьыкисҭан, Узбекисҭан, Қырҭтәыла, Тырқәменисҭан ртеатрқәа.
Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа аԥарарзоужьра ахахьы иагеит икоммерциатәым автономтә еиҿкаара "Русские сезоны".
"Русские сезоны" - аурыс культура аҳәаанырцә ахәаԥшҩы ирбара иазырхоу проектуп.
2017 шықәсазы "Русские сезоны" мҩаԥысит Иапониа, 2018 шықәсазы - Италиа, 2019 шықәсазы - Германиа.
2020 шықәсазы "Русские сезоны" здызкылаз тәылақәан Франциа, Бельгиа, Лиуксембург, аха аусмҩаԥагтәқәа рыхәҭак аанкылатәхеит акоронавирус азы аҭагылазаашьа иахҟьаны. 2021 шықәсазы "Русские сезоны" мҩаԥысит Кореиа Ареспубликеи Бельгиеи. 2022 шықәсазы "Русские сезоны" мҩаԥысраны иҟан Даниа, Швециа, Норвегиа, аха урҭгьы аанкылан.
2023 шықәсазы "Русские сезоны" мҩаԥысраны иҟоуп Ҟазахсҭани Узбекисҭани.
Ажәабжьқәа зегьы
0