Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аб Игнати Агәаҟра мчыбжь ақьырсианцәа рзы: иҵауланы Ҳазшаз иҳәоит, иҵаулангьы ичгоит

Аб Игнати Агәаҟра мчыбжь ақьырсианцәа рзы: иҵауланы Ҳазшаз иҳәоит, иҵаулангьы ичгоит
Анапаҵаҩра
Иоанн Ахьҿа ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақьырсиан дин ныҟәызго зегьы ҳазҭалаз Агәаҟра амчыбжь шырхыргар ахәҭоу, насгьы Амшаԥныҳәа ииашан ишымҩаԥгатәу, акәтаӷьқәа аншәтәу, апаскақәа аныҟаҵатәу.
Ари амчыбжь азы Анцәа дхазҵуа ақьырсианцәа иҵауланы Ҳазшаз иҳәоит, иҵаулангьы ичгоит ҳәа азгәеиҭеит аб Игнати аицҿцәажәараҿы.
"Аныҳәақәа зегьы иреиҳау ныҳәоуп ақьырсианцәа рзы амшаԥы. Асабша ауха асааҭ 12 рзы ақьырсианцәа зегьы еизоит ауахәамаҿы, Анцәа иныҳәара иалахәуп. Уи ашьҭахь акәтаӷьқәа еимырдоит, игәырӷьоит. Акәтаӷьқәеи апаскақәеи асабшаҽноуп ианыҟаҵатәу. Асабшаҽны ирыԥшьоит Анцәа имаҵуцәа. Уи ашьҭахь аҩнаҭақәа рҿы аҩы рыԥшьоит. Ажәытәан аҳаԥшьақәа ҟаҵаны ирыман. Аҩы цкьазар акәын, аԥшәма аҩны аҳаԥшьа аныхиртлак ашьҭахь, изхаша ааныжьны егьи ауахәамахь инаигон. Иахьагьы уи аҵас зҿы еиқәханы иҟоу аҭаацәарақәа ҳԥылоит", - ҳәа азгәеиҭеит аб Игнати.
Иара иигәалаиршәеит даныхәыҷыз Амшаԥныҳәа ишаԥылоз атәы.
"Ҳаныхәыҷыз даара бзиа иаҳбон ари аныҳәа, ақыҭақәа рахь ҳцон, ауахәамақәа рахь, аха ҳнапқәа гәарҭон арҵаҩцәа, иҳацәҳауан, нас ҳнапқәа ибзианы иҳаӡәӡәон", - ҳәа иҳәеит Анцәа имаҵуҩы.
Аб Игнати иазгәеиҭеит, традициала амшаԥаҽны аԥсцәа ргәалашәаӡом ҳәа, Анцәа ибзахара еиҳау ныҳәа ыҟаӡам ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0