Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ Аԥсны атәылауаа аԥшыхәра ралагалара иҽазишәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Служба госбезопасности Абхазии
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Аԥсны АШәМ даадырԥшит Қырҭтәылаҟа аҳәаа иахысуаз Аԥсны атәылауаа аԥшыхәра ралагара зҽазызшәаз Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ Џьано Ӡаганиа.
Ӡаганиа аԥшыхәразы аус здиулоз дыруаӡәкуп Қырҭтәыла атәылауаҩ, Аԥсны инхо Џьессика Шьенгелиа.
Шьенгьелиеи Ӡаганиеи еибадырит абҵарамза 2022 шықәсазы, лара аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа данахысуаз. Иара ан лкапитал аиуразы длыцхрааит, иара убас қырҭтәылатәи атәылауаҩра лоуразы аус иӡбон.
Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ иҟаиҵаз аҳәарала, аҭыԥҳа Очамчыратәи архәҭа дадгыланы лфото ҭылхит, иара убас АШәМ-и, Гал араион ААР аҟәшеи, Елыр иҟоу архәҭеи, Гал араион иҟоу урыстәылатәи архәҭеи рхыбрақәа рфотосахьақәа изылышьҭит.
Шьенгьелиа лажәақәа рыла, лара хатәгәаԥхарала Аԥсны АШәМ ахь дааит, избан акәзар Ӡаганиа русеицура азы лыцәгьа шиҳәо ҳәа лыршәара далагеит. Ӡаганиа аус ицура мап ацәылкуеит ҳәа даналага, мчыла еибалаларци лҿаԥхьа иқәиргылаз аусқәа налыгӡаларци лыдицалон.
Шьенгьелиа лажәақәа рыла, аинформациа аидкылара лылымшаӡеит. Ӡаганиа иҵегь "аԥшыхәцәа" шимоу иҳәеит, уи азы ииҭахыз аинформациа зегьы еидикылеит ҳәа леиҳәахьан.
Ӡаганиа аус здиулоз дреиуоуп Аҟәа инхо Ирма Хәыхәуа. Раԥхьаӡакәны лара Қарҭҟа дцеит 2021 шықәсазы. Қырҭтәыла аганахьала иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны лара Ӡаганиа дылԥылеит, лтәылауаҩшәҟәы ахькьыԥхьаа ҟаиҵеит, лҭел аномер лымихит, уи ашьҭахь аимадара рыбжьалеит.
Хәыхәуа лажәақәа рыла, ҩышықәса раахыс ашәҟәеимдара рыбжьан.
Ахаҵа длыҳәон Аԥсны АШәМ ахыбреи уи аусзуҩцәеи рфотоқәа ҭылхырц.
"Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа русура еиҳа-еиҳа иҟьашьхоит, рҽеиҿкааны, техникалагьы рҽеиқәыршәаны иҟоуп. Ацәгьаҳәаҩцәа нагӡатәыс ирымоуп аинформациа аизгара, аҵак ду змоу аобиектқәа рахь амҩа аартра, амчратә структурахь анеира", - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Абри инамаданы АШәМ ажәалагала ҟанаҵоит Апарламент аҿы азакәан апроект рыдыркыларц ашәарҭадаратә маҵзура азинмчы арҭарц аҳәаанырцәтә маҵзура ҷыдақәа ирныруа Аԥсны ауааԥсыра официалла ргәырҽанырҵаларц азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0