Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Џьопуа еиҭеиҳәеит Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа атауарқәа раагаразы ирыдыркылаз аӡбамҭа атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Джопуа
Беслан Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хәажәкыра 31 рзы инапы аҵаиҩит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа захыгара ҟало атауарқәеи амаругақәеи рсиа шьақәзыргылаз адҵаԥҟа.
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аԥсны ахада 2007 шықәсазтәи идҵаԥҟаҿы аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа захыгара алшо атауарқәа рсиа иазку аиҭакрақәа ралагалара аҭаххеит ақыҭанхамҩа аминистрра аҿиара апрограмма анагӡара алыршаразы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны иҟоу ааӡарҭа иалшаӡом асубтропикатә ҵиаақәа реиҭаҳатәқәа рыла апрограмма аиқәыршәара. Урыстәылатәи ааӡарҭақәа ракәзар, урҭ рҩызцәа рымаӡам, убри амшала Аԥсныҟа Қырҭтәылантәи иааргоит досу ишишло ала. Иара инаҵишьит, аҵиаақәа арахь аҭиразы акәымкәа, апрограмма иалахәу рзы шакәу ишааргало.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит "ажәлар ирцәыҵәахны иҟарҵеит" ҳәа шьоукы ишырҳәогьы, уи ус акәмызт.
"Аҳәаа иаԥну Тҟәарчал, Очамчыра, Гал араионқәа рхадацәа аҳәара ҟарҵон уи азакәан иақәшәо шыҟаҵатәу, ишақәиҭтәтәу. Даҽакала иуҳәозар, уажәы иахьааиуа - уи азакәан еилаганоуп ишаларгало. Аҳәаа ҳәаауп, аԥсуа ган ишақәнагоу еиԥш аус ауроуп. Уи иахысуа атауарқәа зегьы аҳазатә гәаҭара иахысроуп. Қырҭтәылеи ҳареи еиқәшаҳаҭракгьы ҳабжьаҳамҵацт, ари азҵаара аполитикахь икылрымгааит", - иҳәеит иара.
Џьопуа иажәақәа рыла, Аԥсны аџьармыкьақәа рҿы уажәы Қырҭтәылатәи атауарқәа ыҟоуп, аха урҭ рхыԥхьаӡара шаҟа ыҟоу, насгьы иахьынтәиаагоу аиларгара уадаҩуп.
Аиҭакрақәа аналаргалалак, иара ишиҳәаз ала, ААҬ "Егры" аҿы ишахәҭоу еиԥш акарантинтәи аҳазалхратәи маҵзурақәа аусура иалагоит, иалагалахо атауар абаџь ақәҵахоит, иаҭаххаргьы, алабораториақәа рҿы иҭҵаахоит.
Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа захыгара ҟало атауарқәеи амаругақәеи рсиа шьақәзыргылаз адҵаԥҟа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 31 рзы.
Аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа инарықәыршәаны, Қырҭәылантәи Аԥсныҟа ралагалара алшоит шықәсык зхыҵуеи шықәсырацәала изызҳауеи акультурақәа реиҭаҳатәқәа, ақыҭанхамҩатә культурақәа реиҭаҳатә, ажәла, зыԥсы ҭоу аҩнатә ԥсаатә, аԥстәқәа рыфатә, ақыҭанхамҩатә техника, автомобилтә хархәагақәа, атранспорттә хархәагақәа рыхәҭақәа, ахәшахьшьтәқәа.
КПП Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2023
Аԥсны
Ахатәхаҿқәа рымацара: Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа иахугар иҟало атауарқәеи урҭ мҩанызгар зылшои
Ажәабжьқәа зегьы
0