Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс иалагазар Риҵатәи апарк аҿы аҵыргәа-ҭӡамцқәа ҩба каҳахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Осень в Реликтовом Национальном парке
Осень в Реликтовом Национальном парке - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2023
Анапаҵаҩра
Риҵатәи апарк аҿы аҵыргәа-ҭӡамцқәа ҩба реиҭаргылара 17-18 миллион мааҭ рҟынӡа иаԥсахоит.
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Бадри Есиава. 2023 шықәса иалагазар Риҵатәи апарк аҿы аҵыргәа-ҭӡамцқәа ҩба каҳахьеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Урҭ аҭыӡқәа руак Иосиф Сталин идачахь узго амҩаҿы иҟоуп, аҩбатәи - амашьынаргыларҭа аԥхьа.
"Аамҭалатәи "аџьыба" ҟаҳҵеит, ари аҭыԥ ахыкәшараз. Ус шакәугьы ишәарҭоуп. Заанаҵтәи ҳаԥхьаӡарақәа рыла 17-18 миллион мааҭ аҭаххоит. Аҟазауаа уажәы аекспертиза мҩаԥыргоит, иаҭаххаҵәҟьоугьы шьақәдыргылоит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа, иагьазгәеиҭеит икаҳаз аҭыӡқәа бжьаратәла роура 30 метра ишыҟоу.
Иара иажәақәа рыла, аԥарақәа апарк арезервтә фонд аҟынтәи ишәахоит, ма аҳәынҭдачақәа Русбарҭа иашәоит.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2023
Аԥсны
Риҵатәи апарк аҿы ҩбаны еихагылоу амашьынаргыларҭа дыргылар ҟалоит
Асеиԥш абетон акаҳара зыхҟьаз аамҭа анца иахьуашәшәырахаз ауп ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
"Арҭ абетонтә конструкциақәа 80 шықәса иреиҵам. Ацемент амчра ыӡхьеит, усҟантәи ашықәсқәа раан арматура рхы иадырхәаӡомызт. Арҭ аҭыӡқәа уашәшәырахоит иарбанзаалак ахаҳәлеира, асыԥсалеира, аҵысрақәа раан", - ҳәа иҳәеит апарк аиҳабы.
Багаҭелиа иҳәеит, ари аҩыза ахҭыс 2022 шықәсазгьы Риҵаҟа ухазгало амҩаҿы аҭыԥ шамаз. Усҟан аиҭашьақәыргылара 9 миллион мааҭ итәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0