Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа Қырҭтәылантә иаауа атауарқәа рсиаз: ахәҳаахәҭра амырҿиаӡеит

Џьопуа Қырҭтәылантә иаауа атауарқәа рсиаз: ахәҳаахәҭра амырҿиаӡеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада 2007 шықәсазтәи идҵаԥҟаҿы аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа захыгара алшо атауарқәа рсиа иазку аиҭакрақәа ралагалара аҭаххеит ақыҭанхамҩа аминистрра аҿиара апрограмма анагӡара алыршаразы. Иарбан хыкқәоу уаантәи Аԥсныҟа иаауа, насгьы ус еиԥш аҭахны изыҟалазеи, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Қырҭтәылаантәи мацара атауар аагара ҳәа иқәгылаӡам азҵаара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Ирацәоуп ауаа иахганы иаарго иазгәаҭаӡамкәа, ицәыҵагәаны. Ари аус ҳазнымкылозар, ма игәаҭалатәуп ҳәа азыԥхьаӡаны, аҳазалхратә еилаки ҳареи асиа шьақәҳаргылеит. Уи иаанагӡом иахьа еишьҭагыланы ак аауеит ҳәа. Ақыҭанхамҩа апрограммазы еиҳарак ишааҳго Урыстәылантәи ауп, аха арасааӡаразы амаругақәа ацехқәа рзы еиҳарак Қырҭтәылоуп иахьыҟоу, усгьы иааргон, уажәы азин ҟаҳҵеит, ашәахҭәқәа шәаны иҭаргаларцаз. Аха еиҳараӡак Урыстәылантәи ауп ишаауа. Ҿыц аԥсны зааӡара иалагаз акакан хкы аиҭаҳатә Ҭырқәтәылоуп иахьыҟоу. Қырҭтәылантәи аагара иаҳа иманшәалоуп уи ааӡаҩцәа рзы. Шәачеи ҳареи иҳабжьоуп аиқәшаҳаҭрақәа, аха асубтропикатә культурақәа еиҳарак ҳара ҳҿоуп иахьаадрыхуа, араантә ианарзыҳашьҭуагьы ыҟоуп, аха ҳара ҳааӡарҭа иамаӡам уажәы уи аҩыза алшара. 2011 шықәса рзы Гал иҳаман ааӡарҭа аа-нызықь шьапы аиҭаҳатәқәа ахьырааӡоз, аха аполитикатә хҭысқәа рышьҭахь уи ус иааныжьын, аӡәгьы ацхыраара аимҭеит. Иҟазгьы бжьаӡит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0