Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа даанкылоуп арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки задержаного в наручниках, архивное фото
Руки задержаного в наручниках, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩ идырбалеит зыкапан 16,5 грамм иҟаз 26 еилаҳәыра аметадон.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аҟәа дааныркылеит изакәанымкәан арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа гәҩарас иҟоу Урыстәыла атәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
48 шықәса зхыҵуа Борис Козиев идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьар аметадон згәылаз аилаҳәырақәа жәабеи, абанктә хсаалагақәеи, амаӡа ҭыԥқәа рсахьақәа ҭыхны изныз аҭели, иара убас Урыстәыла ААР аусзуҩ атәанчаҩы аполковникеиҵбы Козиев иршаҳаҭга.
Азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иаанкылоу аамҭала дахьынхо аҳҭнықалақь аҟны ирбеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа згәылаз 11 еилаҳәыра, даҽа хә-еилаҳәарак ԥшаан Алашарбага аҳабла аԥсыжырҭақәа рҿы амаӡа ҭыԥқәа рыҟны иахьышьҭеиҵахьаз.
Иааидкыланы имырхыз арҩашьыгатә маҭәашьар 16,5 грамм ыҟоуп. Козиев даанкылоуп, ашьаусҭҵаара хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0