Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жьиԥҳа лышәҟә ҿыц азы: зегьы ирдыруазароуп иазхаҵам атәыла маҷқәа рҿгьы инхо Анцәа ишишаз

Жьиԥҳа лышәҟә ҿыц азы: зегьы ирдыуазароуп иазхаҵам атәыла маҷқәа рҿгьы инхо Анцәа ишишаз
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы ажурналист Саида Жьиԥҳа "Ихәыз ахәыҷра" захьӡу лышәҟә ҿыц ааигәа Ҭырқәтәыла иҭыҵит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шаҳаҭра азызуа ари аҭыжьымҭа иагәылалеит усҟантәи аамҭазы ихәыҷқәаз 30-ҩык рҭоурыхқәеи ргәалашәарақәеи. Аҭыжьра афинанстә дгылара арҭеит Гагра араион ахадара, Аизара, хаҭалатәи ахаҿқәа. "Ихәыз ахәыҷра" аԥсшәахьынтә аҭырқәшәахь еиҭеигеит Октаи Чкотуа. Ашәҟәы х-бызшәакны иҭыжьуп, ахәҭак аурысшәахьынтә аԥсшәахь еиҭаргеит Елеонора Коӷониаԥҳаи Наала Хьециаԥҳаи, аԥсшәахьынтә аурысшәахь ахәҭак еиҭаргеит Зарина Басныкԥҳа-Коӷониеи Алина Жьиԥҳаи.
"Ашәҟәы аҭыжьра ахшыҩҵак сызцәырҵит ҵыԥх, Урыстәылатәи Афедерациа Украина арратә аоперациа ҷыда ианалага. Усҟан адунеи атәылақәа Украина зегьы иадгыланы ақәҿырҭит, Урыстәыла иақәыӡбеит. Убасҟан сара исгәалашәеит адунеи аҿы иазхаҵам аҳәынҭқарра маҷқәа рҿы аибашьра ианалагалак, мамзаргьы џьара терактк аныҟало, уиаҟара ақәҿырҭӡом. Ирхашҭуеит адунеи ауаажәлар аҳәынҭқарра ду аҿы инхогьы, иазхаҵам аҳәынҭқарра маҷ аҿы инхо ауаагьы агәы шрызҭоу, Анцәа ишишаз, урҭгьы ашьа шрылоу. Исгәалашәеит ҳара ҳаныхәыҷыз, сара аибашьраан 10 шықәса схыҵуан, иҳадгылоз шмаҷыз. Сгәалашәараҟны инхеит шаҟа ҳаигәырӷьоз, шаҟа ҳгәы ӷәӷәахаз Нхыҵ-Кавказынтә ҳашьцәа ааны ианҳадгыла, Ҭырқәтәылантәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа анаҳзаа", - лҳәеит Жьиԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0