Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинрал Сосналиев: Аԥсны ахьчаҩцәа ираԥхьагылаз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, аҳәынҭқарратәи арратәи усзуҩ, Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса.
Сызрань иҟоу арра-авиациатә ҵараиурҭеи Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиеи данрылга ашьҭахь Сулҭан Сосналиев 29 шықәса аус иуан СССР аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа рҿы. Иара данысит аԥырҩы инаиркны аҳаирхәҭа адҵаҟаҵаҩ иҟынӡа амаҵурамҩа, ихырҵеит СССР зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы ҳәа ахьӡ, ианаршьеит Арратә Бираҟ Ҟаԥшь аорден.
"Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа анаԥҵаха ашьҭахь, иара инапы ианырҵеит уи арратә ҟәша напхгара аҭара. Уи аусура активла дахьалахәыз иабзоураны иара еиҳагьы ибарҭан Аԥсны акәшамыкәша аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ишшәарҭахоз. Убри азы иара изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан, Владислав Арӡынба диԥылахьан, Егры аҳәаахь дцахьан, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ҭиҵаауан. Ҽакала иуҳәозар, иара гәынхәҵысҭала ихаҿы иҭихуан ақырҭуа архәҭақәа Аԥсны иақәлозар, иарбан мҩақәоу илырхырц ирылшо", — ҳәа иҩуеит арратә ҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа Сосналиев 70 шықәса ихыҵра иазкны ииҩыз астатиа "Полководец" аҿы.
Ақырҭуа архәҭақәа нанҳәамза 1992 шықәса рзы Аԥсны ианақәла, Сулҭан Сосналиев Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала иҳацеибашьырц раԥхьаӡа иааз ҳашьцәа раԥхьа дгылан.
Аибашьраан Сосналиев Аштаб хада деиҳабын, Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы 1994 шықәса рзы Владислав Арӡынба идҵала Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан, аинрал-леитенант ичын иҭан.
© Foto / из архива семьи Сосналиева

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса.

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса. - Sputnik Аҧсны
1/11

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Сулҭан Сосналиев диит Нальчик 1942 шықәса рзы.

Сулҭан Сосналиев диит Нальчик 1942 шықәса рзы. - Sputnik Аҧсны
2/11

Сулҭан Сосналиев диит Нальчик 1942 шықәса рзы.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

1961 шықәса рзы Сосналиев дҭалеит Сызрань ақалақь аҿтәи аԥырратә ҵараиурҭа.

1961 шықәса рзы Сосналиев дҭалеит Сызрань ақалақь аҿтәи аԥырратә ҵараиурҭа. - Sputnik Аҧсны
3/11

1961 шықәса рзы Сосналиев дҭалеит Сызрань ақалақь аҿтәи аԥырратә ҵараиурҭа.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Сосналиеви Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиа аҳаирхәҭа алахәылацәеи.

Сосналиеви Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиа аҳаирхәҭа алахәылацәеи. - Sputnik Аҧсны
4/11

Сосналиеви Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиа аҳаирхәҭа алахәылацәеи.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагазар хымш ааҵуаны, Сосналиев абџьаршьҭыхла Аԥсны ахьчаразы дгылеит.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагазар хымш ааҵуаны, Сосналиев абџьаршьҭыхла Аԥсны ахьчаразы дгылеит. - Sputnik Аҧсны
5/11

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагазар хымш ааҵуаны, Сосналиев абџьаршьҭыхла Аԥсны ахьчаразы дгылеит.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Аибашьраан Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада напхгара аиҭон.

Аибашьраан Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада напхгара аиҭон. - Sputnik Аҧсны
6/11

Аибашьраан Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада напхгара аиҭон.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәса рашәарамзанӡа, иара убас 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан.

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәса рашәарамзанӡа, иара убас 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан. - Sputnik Аҧсны
7/11

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәса рашәарамзанӡа, иара убас 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Аԥсны ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Сосналиев ихҵан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Аԥсны ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Сосналиев ихҵан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы. - Sputnik Аҧсны
8/11

Аԥсны ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Сосналиев ихҵан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Аԥсны ахьыԥшымра азаагараҟны, Арбџьармчқәа раԥҵареи реихаҳареи аус аҟны, ҳтәыла ашәарҭадара аиҿкаареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҟны Сулҭан Сосналиев иҟаиҵаз алагала ахәшьара уадаҩуп.

Аԥсны ахьыԥшымра азаагараҟны, Арбџьармчқәа раԥҵареи реихаҳареи аус аҟны, ҳтәыла ашәарҭадара аиҿкаареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҟны Сулҭан Сосналиев иҟаиҵаз алагала ахәшьара уадаҩуп. - Sputnik Аҧсны
9/11

Аԥсны ахьыԥшымра азаагараҟны, Арбџьармчқәа раԥҵареи реихаҳареи аус аҟны, ҳтәыла ашәарҭадара аиҿкаареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҟны Сулҭан Сосналиев иҟаиҵаз алагала ахәшьара уадаҩуп.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Сулҭан Сосналиев иԥшәма Лиубовь лассы-лассы уи игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа еиҿылкаауеит.

Сулҭан Сосналиев иԥшәма  Лиубовь лассы-лассы уи игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа еиҿылкаауеит. - Sputnik Аҧсны
10/11

Сулҭан Сосналиев иԥшәма Лиубовь лассы-лассы уи игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа еиҿылкаауеит.

© Foto / из архива семьи Сосналиева

Сосналиев Аԥсны аҵыхәтәаны даҭаан дыҟан ҳхақәиҭра 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз - цәыббра 30 2008 шықәса рзы.

Сосналиев Аԥсны аҵыхәтәаны даҭаан дыҟан ҳхақәиҭра 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз - цәыббра 30 2008 шықәса рзы. - Sputnik Аҧсны
11/11

Сосналиев Аԥсны аҵыхәтәаны даҭаан дыҟан ҳхақәиҭра 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз - цәыббра 30 2008 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0