Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныҟа ауаа ԥсшьара иаар рҭахуп 30% рыла еиҳаны ҵыԥх аасҭа

© Sputnik / Томас Тхайцук Набережная Сухума
Набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны асасааирҭақәа рҟны заанаҵ аҭыԥҿаҵарақәа рыхәҭа иартәоит 80-90%.
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра адыррақәа рыла, атәылаҿы аԥсшьаразы заа иҿарҵо аҭыԥқәа 30% рыла еиҳауп ҵыԥх иааныркылоз раасҭа.
Еиҳарак атуристцәа азҿлымҳара аадырԥшуеит лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы Аҟәа, Гагра, Афон ҿыц аԥсшьарҭақәа рганахьала.
Апансионат "Аиҭар" аҿы заа иааныркыло аҭыԥқәа рыхәҭа иартәоит 80%, апансионат "Самшитовая роща" аҿы - 90%.
Ҩыџьа раангылареи рыкрыфареи "Аиҭар" аҿы иартәоит 2700 - 3000 мааҭ, "Самшитовая роща" аҿы – 6 550 мааҭ, ҩыџьа ршьыжьхьафара налаҵаны.
Гагра акәзар, реиҳа ахә лаҟәуп "Sun-Palace" аҿы - ара ҩыџьа рыкрыфара алаҵаны 4800 мааҭ иартәоит, асасааирҭа "Амра-парк" реиҳа ахә дууп, уа ҩыџьа хынтәтәи рыкрыфара алаҵаны 13500 мааҭ иартәоит.
Гәдоуҭа асасааирҭа "Эко-папа" аҿы ҩыџьа рпансионбжа иахыршәаауеит 4000 мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0