Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ешсоу Тыҩба амшәмаахыр ааӡаразы: аҳауа аҽеиҭакрақәа угәы унархьыртә еиԥш ԥырхага ҳарҭоит

Ешсоу амшәмаахыр ааӡаразы: аҳауа аҽеиҭакрақәа угәы унархьыртә еиԥш ԥырхага ҳнаҭоит
Анапаҵаҩра
Маркәыла амшәмаахыр зааӡо Ешсоу Тыҩба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа дыззыԥшу аҽаҩра атәы, иҳәеит, иаалыҵ ааӡаразы имоу ауадаҩрақәа, насгьы ҳаԥхьаҟа иус аҿы имоу игәҭакқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аҳауа аҽеиҭакрақәа иҟоу амшәмаахыр иаҭахӡам, ачымазарақәа арҵысуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Тыҩба.
"Угәы унархьыртә еиԥш ԥырхага ҳарҭоит ачымазарақәа. Ишахәҭоу ахәшәтәра ахә цәгьоуп. Есышықәса аҿыцқәа цәырҵуеит, урҭ ҭуҵаанӡа, даҽак уԥырхагахоит. Агрономи сареи ҳаицәажәаны иалаҳхуеит ахәшәқәа, иаҳҭахӡам ауаҩы иԥырхагахар", - ҳәа иҳәеит Тыҩба.
Анаплакҩы иажәақәа рыла, аџьармыкьахь раалыҵ рашәарамза анҵәамҭазы инаргоит, ианеиҵаха, 5 тоннак рҟынӡа ҳәа иҳәеит Тыҩба.
"Аҭиира аганахьала ауадаҩрақәа ҳамаӡам... Ҳаалыҵ анырзаамхәогьы ыҟоуп ахәқәа ирыхҟьаны, аҿаҵақәагьы анаҳзынамыгӡогьы ыҟоуп. Аԥсшьаҩцәа иаархәо рацәоуп, ҳуааԥсырагьы ус", - иҳәеит Тыҩба.
Ешсоу еиҭеиҳәеит, ҳаԥхьаҟа иус аҿы планқәас имоу, амшәмаахыр ааӡара атехнологиа иԥсахыр шиҭаху.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0