Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны асахьаркыратә фильм "Нюрнберг" аԥхьарбара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Премьера художественного фильма "Нюрнберг"
Премьера художественного фильма Нюрнберг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 25 инаркны лаҵара 2 аҟынӡа Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны идырбахоит 1941-1945 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьар ду иазкны еицырдыруа урыстәылатәи акинорежиссиорцәа рсахьаркыратә, рдокументалтә, рҭоурыхтә фильмқәа.
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арежиссиор Николаи Лебедев ифильм "Нюрнберг" аексклиузивтә ԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, мшаԥы 25 рзы.
Аамҭакала амузеи аҿы иаадыртит хыԥхьаӡара рацәала афотосахьақәа, архивтә документқәа рыла ишьақәгыло ацәыргақәҵа "Нюрнбергский процесс. Взгляд из Москвы". Иара убасгьы ацәыргақәҵаҿы ицәыргоуп апроцесс алахәылацәа, аҭоурыхдырыҩцәа, ахҭысқәа рышаҳаҭцәа ражәабжьқәеи рыхҳәаақәеи.
"Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи Ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи еицымҩаԥыргоит ҩ-акциак. Актәи акциа – афильм "Нюрнбергский процесс иаанартуа афильмқәа рымчыбжь ауп. Афильм авторцәа Аԥсны знык арбаразы азин ҟарҵеит. Аҩбатәи акциа –"Георгиевская ленточка" амҩаԥгароуп. Ацаха аибашьра иалаӡыз зегьы ргәалашәара иасимволуп", - иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.
Ауснагӡатә иацҵо Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-хаҭыԥуаҩ Максим Литвинов иазгәеиҭеит, афашистцәа ирыдҟаҵалаз жәларбжьаратәи апроцесс – "Нюрнбергский процесс" зыхьӡхаз- Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иналукааша лҵшәахеит ҳәа.
"Иахьа, анацизм Европа ахы аныҵнах, аиҳаракгьы Украина, акраҵанакуаны иҟоуп аҭоурых агәалашәара, адырра, афашист Германиа анапхгара рыцәгьоурақәа шрыхьӡаз", - иҳәеит иара.
Амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа иазгәалҭеит аҭоурых агәалашәара шхымԥадатәиу.
Ажәабжьқәа зегьы
0