Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Третий концерт "Apsny-Star" прошел в Абхазии
Третий концерт Apsny-Star прошел в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Анапаҵаҩра
Ашоу аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. "Apsny-Star" ахԥатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониаҟны ашәахьа, мшаԥы 24 рзы.

Амузыкатә шоу арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Фаиа Мархолиаԥҳа ркомандақәа ашәаҳәаҩцәа рҟазара ахәшьара арҭон ажиури - акомпозитор Анри Гәымба, Аԥсны жәлар рартист Наниель Бжьаниа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩы Алхас Ферзба, ҷыдала ааԥхьара змаз аӡбаҩ -арежиссиор Ҭемыр Ҭаниа.

Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, командацыԥхьаӡа еиҳа еиҵаны абаллқәа зауа ҩыџьа рахьтә аӡәы апроект иалгахарц азыӡбахоит.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҿы еиҵаны абаллқәа роуит Асҭамыр Вартанови Иракли Џьумутиеи. Апроект нижьит Асҭамыр Вартанов.
Саида Агрԥҳа лкоманда аҿы еиҳау ахәшьара роуит Миранда Мархолиаԥҳаи Самвел Миракиани-40 балл. Агрԥҳа лкоманда аҟынтәи ашоу нижьит Шьаҳан Сиргьинаа.
Второй концерт Apsny-Star” - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2023
Аԥсны
"Apsny-Star" аҩбатәи асезон акастинг мҩаԥысуеит аҳәынҭфилармониаҟны мшаԥы 30 рзы
Аконцерт аҟны иреиҳаны абаллқәа роуит Софиа Миаукина, Викториа Лабиаԥҳа - Фаиа Мархолиаԥҳа лкомандаҟынтәи. Урҭ ироуит иреиҳаӡоу 40 балл. Мархолиаԥҳа лкоманда нижьыр акәын Нар Нанба, аха апродиусер иӡбамҭала ашоу аҟны даанхеит.
Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Апроект шықәсык ицалоит, иара х-сезонкны еихшоуп. Ахԥатәи асезон – асуперфинал аҿы еиндаҭлоит аԥхьатәи ҩ-сезонк рфиналистцәа. Амузыкатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс аҩнуҵҟа иазыԥхьагәаҭоуп 12 концерт, мызкахьы знык.
Ажәабжьқәа зегьы
0