Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны
Анапаҵаҩра
Есышықәса, мшаԥымза 25 рзы, адунеи иқәынхо адыгақәа зегьы иазгәарҭоит абираҟ амш ныҳәа. Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск, иара убас ачерқьес жәлар ахьынхо егьырҭ арегионқәеи атәылақәеи рҟны иазгәарҭоит адыга жәлар рмилаҭтә хаҿра аныҳәа иазку еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит ҳаешьаратә жәлари ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, ҳаимадарақәа рырҭбаара амҩақәа разхәыцразы иҟаҵатәу.
Иара игәаанагарала Аԥсны анхара зҭаху ҳашьцәа адыгаа атәылауаҩра рыҭатәуп, уи аганахьала закәанла рус ырманшәалатәуп. Аџьынџьал иазгәеиҭеит Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, ҳаимадара ишахәҭоу ишьақәгылаӡам ҳәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
1830 шықәсазы Ачерқьес милаҭтә еизараҟны ишьақәырӷәӷәан ачерқьестә бираҟ. Ари абираҟ – адунеи иалаԥсоу адыга жәлар еидызкыло символуп. Иара иаҵагылан ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага хатәгәаԥхарала арахь ишааз ҳашьцәагьы.
Адыгеиа аҳәынҭқарратә бираҟ зкәакьҭа иашоу аиаҵәаҧшшәы змоу асахьа амоуп, уаҟа иарбоуп аиаҵәақәа 12, зыхҿа хыхьҟа иҧшуа еихдоу ахьтәы хыцқәа хҧа.
Аиаҵәақәа 12 адыга (ачерқьес) хылҵшьҭрақәа 12 ирхаҿроуп, ахыцқәа 3 ижәытәӡатәиу адыга ҭауадшьҭра иадыргоуп. Еихдоу ахыцқәа хҧа иаадырҧшуеит акзаара. Аиаҵәаҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, иара убас атәыла аҧсабара аҷыдарақәа ируакуп, 40% инарзынаҧшуа адгьылҵакыра бнара ҭыҧуп.
Аш иара убас адыгақәеи(ачерқьесқәеи) зегьы ирмилаҭтә бираҟны иҧхьаӡоуп, ҳааамҭазы ҵакырадгьылла еиҩшоу аҟабардақәеи, адыгақәеи, ачерқьесқәеи, ашаҧсыӷқәеи, адыга (ачерқьес) диаспорақәеи ҳәа.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы. Адыгатәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск ари амш инарҭбааны традициак аҳасабала иазгәарҭоит.Иара убасгьы ари амш азгәарҭоит ачерқьесцәа ахьынхо атәылақәа 50 рҟны. Адыгатәыла аҳәынҭқарратә бираҟ 1992 шықәса рзы ҳәынҭқарратә бираҟк аҳасабала ишьақәырӷәӷәан.
Адыгеиа Ахәынҭқарра абираҟ амшныҳәа инамаданы Аԥсны иахьа ауснагӡатәқәа жәпакы азгәаҭоуп. Ахәылбыҽха Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа Аԥсни Адыгеи рҟынтә арҿиаратә коллективқәа аконцерт мҩаԥыргоит. Аныҳәа хыркәшахоит адыга джегу- адыга хәмаррала, кәашарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0