Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Корсаииаԥҳа арежиссиор Нелли Ешԥҳа илызкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Корсаиаԥҳа арежиссиор Нелли Ешԥҳа илызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, арежиссиор Нелли Ешԥҳа диижьҭеи иахьа 95 шықәса ҵит.
Аҟазараҭҵаара акандидат, атеатрҭҵааҩы Светлана Корсаииаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аԥсуа режиссиор ду ллагала атәы.
"Нелли Ражден- иԥҳа Ешба, ҳәарада, лырҿиара Аԥсуа театр аԥсҭазаараҿы епохак аҵанакуеит. Лара лхаан, иуҳәар ауеит, атеатр ҽаԥарак иԥеит. Етапк иаҩызоуп атеатр арҿиара лара даныҟаз аамҭазы",- инаҵшьны иазгәалҭеит Корсаииаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Нелли Ешԥҳа аԥсуа хәаԥшыҩцәа ирыдылгалахьан ҩаӡарала иаҳаракыз аспектакльқәа. Лара амилаҭтә драматургиеи адунеитәи аклассикеи реилаӡҩара, реиҿыбаара зылшоз режиссиорын. Нелли Ешԥҳа авторс дрымоуп: Д. Гәлиа "Анаурқәа", Е. Шварц "Аҳәынҭқар ҟьантаз", Г. Ибсен "Алаԥшҵашәарақәа", И. Чамагәуа "Иван аԥсуа", Р. Ебриаиӡе "Ҳаамҭазтәи атрагедиа", Н. Ҭарба "Ашәа аԥҵара мариам", И. Папасқьыр "Аԥҳәыс лыпату", А. Островски "Асҭыԥҳа", Ф. Шиллер "Дон Карлос" уҳәа, еиуеиԥшым авторцәа раԥҵамҭақәа. 2009 шықәсазы Нелли Ешԥҳа Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәлыргылеит аҭоурыхтә пиеса "Алыбеи" Денис Чачхалиа иҩымҭала.
Ажәабжьқәа зегьы
0