00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зхьышьҭра змырӡыз: адыг Ҭлышь Аԥсныҟа нхара дшааз атәы

Зхьышьҭра змырӡыз: адыг Ҭлышь Аԥсныҟа нхара дшааз атәы
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, урҭ рабацәеи, рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, дара рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, рхәыцрақәа ртәы.
Иорданиа ииз, иааӡаз адыг, апрограммаҟаҵаҩ Нарҭ Ҭлышь арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә дгьыл ахь анхара аиасра иацыз агәхьаагара, ус еиԥш аӡбамҭа зидикылаз, Аԥсны ибзазашьоу атәы.
Нарҭ иажәақәа рыла, Иорданиа дхәыҷаахыс аҩны адыга бызшәа иаҳауан, уи ала еицәажәон иҭаацәа. Иан лакәзар шьҭрала дубыхуп. 1995 шықәсазы иҭаацәа Нхыҵ Кавказ Маиҟәаԥ, Нальчик ирҭаартә алшара роуит. Нарҭ аҵара иҵон Америка Еиду аштатқәа рҟны. Иара иажәақәа рыла, аусура даналага, дазхәыцуан аԥхьаҟа иԥсҭазаашьахо атәы.
"Еилыскааит, сазхәыцуа салагеит сара асас еиԥш сшыҟоу ихьабалак: Иорданиа, Америка. Аԥсадгьыл атәы ҳҳәозар, Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟны иҟоуп ажәаԥҟа "Зыԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡуеит" ҳәа. Уи иашоуп. Адыгцәа, аублаа ари ибзианы ирбарҭоуп. Ҳара хшыҩла ҳмаҷӡам, иаҳҭаххар иҳалшоит. Ауаа ус рҳәоит аԥсуа бызшәа аҵара даара ицәгьоуп, иулшом ҳәа. Сара ишәасҳәоит иуҭахызар имариоуп, иуҭахымзар ицәгьоуп ҳәа", - иҳәеит Ҭлышь.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит шықәсыки бжаки рыла зынӡа иизымдыруаз аԥсуа бызшәа шиҵаз атәы, хықәкыс ишимоу ари абызшәа аиқәырхара, уи азы изанааҭ ихы ишаирхәо атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0