Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аекологцәа Лыхнытәи аҭәаҵла ахәшәтәразы ҩаԥхьа ахәшә ааргоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 19 рзы Лыхнашҭаҟа иааргеит китаитәи ахәшә ҷыда ааха зҭаз аҭәаҵла ахәшәтәразы.
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аекологцәа Лыхнытәи аҭәаҵла ахәшәтәразы ҩаԥхьа ахәшә аагара рыгәы иҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, аҵла ахәшәтәраз аҩбатәи акурс ииасыз амҽышаҽны имҩаԥган.

"Ахәшә акәармалашьҭыга актәи ахәҭа шаанҵәаз аҩбатәи ықәҳаргылеит. Хара имгакәа ҩаԥхьа ахәшә аагара ҳгәы иҭоуп. Лшарақәас иҟоу зегь азаҳаԥшаауеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аҭәаҵла еиқәхар ҟалоит ҳәа агәыӷра шыҟоу, аҵла абыӷьқәа иазҳауа ишалагаз. Уи дырга бзиоуп иҳәеит иара.
Убас, аҭәаҵла ахәшәтразы ацхыраара ҟарҵарц шырҭаху рҳәеит ареспубликаҿы иааны иҟоу китаиуаа ҩыџьа. Аԥшьаша, мшаԥы 19 рзы Китаинтәи Аԥсныҟа иааган Пекин ақыҭанхамҩатә институт аус зыднауло аҵлазы ихәарҭоу ахәшә.
Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит, зынӡа ахәшәқәа 30 алаҵан. Ари мчыбжьык иазхоит.
Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан ахаша, мшаԥы 5 рзы. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аԥхасҭа аҭара иалахәын ҳәа агәазҩара ззыҟоу Ираклии Даури Багаҭелиаа аанкылан мшаԥы 11 рзы.
Лыхненский храм и древняя липа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Аԥсны
АШәМ Лыхны аҭәаҵла аԥҟара иаанкылоу рыда аҽаџьоукы алахәуп ҳәа аинформациа аҿаԥырҽит
Ажәабжьқәа зегьы
0