Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи рымшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхаразы апрограмма рыдыркылеит

© SputnikПогода
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
2023–2025 шықәсқәазы апрограмма анагӡара иазоужьуп х-миллионки 900 нызқьмааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара "Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи азгәаҭареи рзы аиҳабырабжьаратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рымшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхаразы апрограмма" рыдыркылеит.
Комиссия по делимитации госграницы возобновила свою работу - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2023
Аԥсны
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылараз акомиссиа аусура хацнаркит
Апрограмма аусхкқәа:
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут агидрофизикеи агидрографиеи рыҟәша ҳаамҭазтәи ашәагатә хархәагақәа рыла аиқәыршәара – амшынӡқәа рҵакыра ашьақәыргылара аусхк аҟны аҭҵаарадыррақәа рымҩаԥгара;
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә еиҟәшара ацәаҳәақәа рҵаҵӷәыркра иазырхоу аусурақәа рфинанстә цхыраареи рматериал-техникатә мҩангареи, аиҟәшара араион акосмос аҟынтә аҭыхымҭақәа рархив амазаарагьы налаҵаны;
амшынӡқәа рҵакырақәа рышьақәыргылара иадҳәалоу аметодологиақәеи атеоретикатә материали ирзырхоу ауснагӡатәқәа аусутә гәыԥ алахәылацәа рымҩаԥгара (атренингқәа, аиԥыларақәа);
аусутә гәыԥ алахәылацәа амаҵураныҟәарақәа рышьҭра аиҿкаара;
Амшын еиқәа иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи азгәаҭареи рзы аԥсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаараԥшаарақәа рылкаақәа рыла акартографиатә ҳасабырбеи аилыркааратә шәҟәи реиҿкаара.
Уи адагьы апрограмма иахықәкуп:
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә еиҟәшара ацәаҳәақәа рыҭҵааратә ҵаҵӷәыркра иазырхоу ауснагӡатәқәа рынагӡара;
алагарҭатә ԥхьаӡаратә ҭыԥқәа рҳәаақәҵара;
аиҟәшара еиуеиԥшым асценариқәа рыхсаалагақәа разырхиара;
Аԥсны Аҳәынҭқарра амшынтә ҳәаа алагарҭатә ԥхьаӡаратә ҭыԥқәа Ԥсоу аӡиас амшын алаларҭаҿы аморфодинамика анырра ахәшьара;
Амшын еиқәа арегион аҿы амшынтә ҵакырақәа реиҟәшара;
Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амшынтә ҵакыра аиҟәшаратә цәаҳәақәа роуразы ихымԥадатәиу алагарҭатә ԥхьаӡаратә ҭыԥқәа ԥхьаҟа рҳәаақәҵара.
2023–2025 шықәсқәа рзы апрограмма анагӡара иазоужьуп х-миллионки 900 нызқьмааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0