Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ишьақәдыргылараны иҟоуп зыкра ҟало аԥсыӡ азеиԥшҳәаақәҵаратә система

© Sputnik / Роберт ДжопуаХамса
Хамса - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
Ахықәкытә программа "Амшын еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак аҟны иркуа аԥсыӡ азеиԥшҳәаақәҵаратә система аус адулареи аларҵәареи" аамҭала 2023-2027 шықәсқәа ирыҵанакуеит.
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ахықәкытә программа "Амшын еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак аҟны иркуа аԥсыӡ азеиԥшҳәаақәҵаратә система аус адулареи аларҵәареи" шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма анагӡара иахықәкы хаданы иҟоуп акамшьиа аҿырԥшала Амшын еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак аҟны иркуа аԥсыӡ азеиԥшҳәаақәҵаратә система аус адулареи аларҵәареи рзы ауснагӡатәқәа реиҿкаара, Аԥсны аԥсыӡаарыхра аусхк аҿиара аԥыжәаратә ҟазшьа аманы аԥхьаӡара.
Апрограмма анагӡара аусдҵа хадақәа ракәны ишьоуп:
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут аихтиологиа алабораториа аҭҵаарадыррақәа рымҩаԥгараз аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы аиқәыршәара, аихтиологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥагразы Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут амшынтә ҵакыра аиқәыршәара;
аԥсыӡтә мазара аҟазаара агәаҭараз аҭҵаарадыррақәа рымҩаԥгара аусхк аҟны аҟазауаа разыҟаҵара, Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырратә институтқәа рахь (АЗНИРХ, Керчтәи аинститут, Аладатәи амшынқәа ринститут) амшын абиологиатә лшарақәа рыҭҵааразы амаҵураныҟәарақәа рахь рышьҭра, амшын абиологиатә лшарақәа русхк аҟны аҭҵаарадыррахь акандидат иазыҟаҵара;
есышықәса Аԥсны аԥсыӡкра аусхк аҟны аекологиатә шәарҭадараз аҭҵаарадырратә усқәа рымҩаԥгара, амшын аҿы ашәарақәеи аҭҵаарақәеи рзы аӷбақәа қьырала ргарагьы налаҵаны;
Амшын еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак аҟны реиҳа иркуа аԥсыӡ акра ахьынӡауазы аӡбрақәа рыдкыларазы анапхгаратә документқәа, абжьгарақәа, аԥҟарақәа аус рыдулара.
Аԥсыӡааӡара аусхк аҟны анорматив-зинтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы аусурақәа рҳәаа иҭагӡаны адгалара рыҭахоит аԥсыӡкразы азакәан апроект, аԥсыӡкра апроцесс алахәылацәа ихадырҭәаауа аформақәа, аихтиологиатә ԥшаарақәа рымҩаԥгараз аинструкциақәеи аметодикақәеи.
Апрограмма иақәхарџьхоит 7 миллионки 500 нызқьмааҭ 2023–2027 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҟынтә:
акапиталтә лагала – 3 миллионки 500 нызқьмааҭ;
аҭҵаарадырратәи апроект-ԥшааратәи усурақәеи урҭ рылҵшәақәа раларҵәареи –3 миллион мааҭ;
акадрқәа рҟазара азырхиареи азырҳареи рзы–миллион мааҭ.
Иззыԥшу алҵшәақәа:
Амшын еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак аҟны иркуа аԥсыӡ азеиԥшҳәаақәҵаратә система аԥҵара.
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут аихтиологиа алабораториа аҭҵаарадыррақәа рымҩаԥгараз аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
Амшын абиологиатә лшарақәа рыхәшьареи разԥхьагәаҭареи русхк аҟны ахатә кадрқәа разыҟаҵара.
Аԥсыӡнхамҩеи аԥсыӡкреи русхк аҟны анормативтә проектқәа разыҟаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0