Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиаԥҳа аибашьра иазку акиносахьақәа Аҟәа дырбара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиаԥҳа аибашьра иазку акиносахьақәа Аҟәа дырбара иазкны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 25 инаркны лаҵара 2 нӡа Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысуеит 1941-1945 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкны еицырдыруа урыстәылатәи акинорежиссиорцәа рсахьаркыратә, рдокументалтә, рҭоурыхтә фильмқәа дырбара.
Аамҭакала амузеи аҿы иаартуп хыԥхьаӡара рацәала афотосахьақәа, архивтә документқәа рыла ишьақәгылоу ацәыргақәҵа "Нюрнбергский процесс. Взгляд из Москвы". Ацәыргақәҵа анацистцәа рконцлагерқәа рҿы иҭакыз аӷа иҿагылара иалахәыз, агәыԥмаӡа иалаз, анемец мԥыҵахалара иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡаразы аус назыгӡо Александр Печиорски ифонд ала иаԥҵоуп. Аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адгыларала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура ахаҭарнакрала еиҿкаауп. Аекспозициа аус аулоит амузеи аусуратә сааҭқәа рзы. Аҭаара хәыда-ԥсадоуп.
Аиааира азаагара иазку афильмқәа аҿар рааӡараҿы, аԥсадгьыл ахь рыбзиабара аизырҳаразы, уи аҵакы реилыркааразы иахьынӡахәарҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵра Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа. Лара убасгьы инарҭбааны далацәажәеит амузеи аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа адгыларалеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура ахаҭарнакра ацхырааралеи лаҵарамзазы еиҿкаахо ауснагӡатәқәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0