Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи реимадара зеиԥшроу

Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәыла арегионқәеи реимадара зеиԥшроу
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны ахәҭакахьала дазааҭгылеит Аԥсни Ленинградтәи аобласти рыбжьара аусеицуразы иҟоу агәҭакқәа ртәы.
Ааигәа аобласт ахадара ахаҭарнакцәа усутә ныҟәарала Аԥсны иаҭан. Урҭ идикылеит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. 2022 шықәсазы Аԥсны аофициалтә делегациагьы Ленинградтәи аобласт аҟны иҟан. Аусеицуразы ԥхьаҟа аԥеиԥш змоу хырхарҭақәаны иҟалар алшоит асасцәа азҿлымҳара зырҭаз ачаи, аԥсыӡааӡара, ацха иара убас атуризм аусхк ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы Беслан Џьопуа.
"Аус здыруло ачаи дара иаадрыхӡом, иаархәо ауп, ҳара идҳарбеит иҳамоу, усҟан ишыҟаз, уажәы иаҭаху. Анаҩс идҳарбеит аԥсыӡааӡарҭақәа, иҳамоу аресурсқәа. Атуризм аганахьала ҳаизыҟазаашьақәа алшара ахьынӡарымоу иазааҭгылеит. Уи иаанагаӡом ара иааны џьара ак дыргылоит ҳәа, аха иҟоу, иҳамоу рхы иахьынӡадырхәо, уааԥсырала атуристтә ргыларақәа дырҭәыртә еиԥш. Иара Ленинградтәи аобласт аиҳабы даараны дыҟоуп мызқәак рышьҭахь. Убасҟан еиқәшаҳаҭрак ҳабжьаҳҵозар, уи иаҵанакыроуп ииаашаҵәҟьаны аицхыраареи аизыҟазаашьеи шьақәзыргыло аусмҩаԥгатәқәа", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0