Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсыҭбара зхылҿиааз амҩатә машәыр ҟалеит Гәдоуҭа араион аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Анапаҵаҩра
Амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит Мҷышьҭа иахьаҵанакуа асааҭ 20:00 рзеиԥш.
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥсыҭбара зхылҿиааз амҩатә машәыр ҟалеит Гәдоуҭа араион аҟны асабша мшаԥы 29 рзы. Абри азы Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит Мҷышьҭа иахьаҵанакуа асааҭ 20:00 рзеиԥш. Гыцба иажәақәа рыла, автомашьына "Волга" ааҳәит.
"Иҟалаз амашәыр аан апассаџьырԥҳәыс дҭахеит. Арныҟәцаҩи даҽа пассаџьырки ахәшәтәырҭахь инагоуп", - иҳәеит амилициа араионтә ҟәша аиҳабы.
Аҭыԥ аҟны азинхьчаратә усзуҩцәа аус руеит, аоперативтә информациа еизыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0