Урыстәыла

Шәачеи Еревани ишиашоу аҳаиртә еимадара рыбжьарҵеит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународный аэропорт в Сочи
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥыррақәа мҩаԥыслоит есыҽны, Airbus A320 иатәу аҳаирпланқәа рыла.
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Авиаеилахәыра "Аэрофлот" Шәачеи Еревани рыбжьара ишиашоу аҳаиртә еимадара рыбжьанаҵеит.
Ереванҟа "Аэрофлот" ала унеир ҟалоит Москвантә, Шәачантә, Екатеринбургынтә. Уи адагьы авиаеилахәыра "Россия", "Аэрофлот" агәыԥ иалахәу ареисқәа мҩаԥыргоит Санкт-Петербургнтә, Самарантә, Волгограднтә."
"Аэрофлот" — иналукааша урыстәылатәи еилахәыроуп. Иара иаҵанакуеит "Россия", "Победа". 2022 шықәсазы агәыԥ 40,7 миллионҩык мҩаԥнагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0