Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵара 9 рзы имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Празднование дня Победы в Сухуме
Празднование дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки ауааԥсыра.
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵара 9 рзы имҩаԥгахоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аурыс ҩны.
Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи ихацыркхоит аныҟәара асааҭ 10:00 рзы. Апарад ашьҭахь акциа алахәылацәа ақалақь иалсуеит.
Акциа иалахәхар рылшоит агәаҳәара змоу зегьы.
Аиҿкааҩцәа - Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи, адгылара арҭоит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа анапхгара, Аԥсны аҿар рхеилак "Аԥеиԥш", КСОРС, аилахәыра "А-Мобаил".
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәса рзы Томск аҭыԥантәи ажурналистцәа раԥшьгарала. Усҟан ф-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ақалақь амҩа хадахь икылсит Аибашьра Ду алахәылацәа рфотосахьақәа рыманы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0