Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааиԥхьеит

© Foto / Пресс-служба президента РЮОВстреча президента Алана Гаглоева с президентом Абхазии Асланом Бжания
Встреча президента Алана Гаглоева с президентом Абхазии Асланом Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа реиԥылара мҩаԥысит Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гоглоев, дагьааиԥхьеит Аԥсныҟа. Абри атәы аанцҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны Бжьаниа иазгәеиҭеит Цхинвал имҩаԥысыз Аԥсны акультура амшқәа раан аԥсуа делегациа иԥханы ишрыдаркылаз атәы.
"Даараӡа иҭабуп шәыдкылараз. Сгәы иаанагоит асеиԥш иҟоу аиныррақәа ирыцҵатәуп аԥхьаҟагьы ҳәа. Уи акыр аҵанакуеит. Исымоу алшара схы иархәаны исҭахуп Аԥсныҟа шәнасыԥхьарц. Ҳара ҳазхиоуп шәара ианшәзыманшәалоу шәыдкылара", - иҳәеит иара.
Алан Гаглоев иҳәеит ҳреспубликақәа лахьынҵак ишеиднакыло, иоуз ааԥхьара аҭакс Аслан Бжьаниа Цхинвалҟа днеиԥхьеит.
"Ҳара ауадаҩрақәа ҳаицырхысит, сынтәа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни иазгәарҭоит рхьыԥшымрақәа Урыстәылатәи афедерациа иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра. Ҳара ҳзын ари акыр зҵазкуа рыцхәуп, шәаргьы ҳаргьы ибзиаӡаны иаадыруеит аҭынч ԥсҭазаара иахҭынҵоу", - ҳәа иҳәеит Гаглоев.
Аҩ-тәылак рхадацәа иара убасгьы ирзааҭгылеит, аҩызареи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәаразы азҵаатәқәа.
Абхазский государственный драматический театр им. С. Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Аԥсны
Аԥсны имҩаԥгахоит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0