Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи Михаил Мишустини Минводы ацәыргақәҵаҿы еиԥылеит

© Foto / пресс-служба Президента Абхазии Аслан Бжания и Михаил Мишустин
Аслан Бжания и Михаил Мишустин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Анапаҵаҩра
Актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит Минеральные Воды аҿы лаҵара 3 - 4 рзы.
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Михаил Мишустини Минводы имҩаԥысуа актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵаҿы еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аслан Бжьаниеи Михаил Мишустини аԥеиԥш зауша апроектқәа ирылацәажәеит Аԥсны газла аиқәыршәареи атуризм аусхки рганахь ала", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥснытәи астенд ангәеиҭоз Урыстәыла аԥыза-министр аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза зҿлымҳарыла дазҵааит. Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит уи ианаамҭоу урыстәылатәи анапхгара рыцхыраарала аусура ишалаго азы.
Уи адагьы, Мишустин игәалаиршәеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа - аӡиа Риҵа, Афонтәи аҳаԥы, иҳәеит акыр шааҵуа уа дымнеижьҭеи. Аԥсны ахада уи аҭакс аԥыза-министр дааиԥхьеит ианиҭаху аамҭазы Аԥсныҟа даарц.
Делегация Республики Абхазия во главе с Президентом Асланом Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Минводҟа днеит Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аартра аҽалархәразы
Ажәабжьқәа зегьы
0